Аԥсны даҽа 176-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, хҩык рыԥсҭазаара иалҵит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 21911-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 17445-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 307-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 21911-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 17445-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 307-ҩык.
Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит араион иқәынхо амшцәгьа ирнаҭаз аԥхасҭа аҭҵааразы имҩаԥырго аусурақәа ахьынӡанагоу, ацхыраара агаанхьала иазгәаҭоу атәы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа дцеит ԥхынгәы 28 азы.
Аԥсны атәылахьчара аруаа рылахәхоит нанҳәа 22 инаркы цәыббра ԥшьбанӡа имҩаԥысуа Урыстәыла 7-тәи Жәларбажьаратәи арратә хәмаррақәа. Аицлабраҿы зыҽԥызшәо иреиуоу атанктә рота адҵаҟаҵаҩ, агәыԥ азыҟаҵаҩ Мсураҭ Ашәба еиҭеиҳәеит ҳаруаа аицлбарақәа иахьынӡарзыҟаҵоу.
Амедицина аусзуҩцәа ргәыԥ ԥхынгәы 29 рзы Ԥсҳәыҟа ихалеит ауааԥсыра ПЦР-тестқәа рзуразы.
Ԥхынгәы 27 ауыха Аԥсны иахьаҵанакуа ақәаршҩы ӷәӷәаны илеит, аӡқәа хыҵны ауаа ирыҵалеит.
Амшцәгьаан ақалақь ауааԥсыра ироуз аԥхасҭеи, урҭ ирыҭахо ацхыраареи атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе.
2021 шықәсазы аҽаҩра бзиахап ҳәа иҟоу агәаанагара, Аԥсны араионқәа рҿы араса ахәшәтәра инарҭбаан иахьымҩаԥгаз иадҳәалоуп.
Рашәара 18 инаркны Аԥсны уахынла ҩ-сааҭк афымцалашара арцәара иалагеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышбеи алахәын ХII Жәларбжьаратәи аекономикатә саммит "Россия - Исламский мир: KazanSummit 2021". Асаммит мҩаԥысуан Казань ақалақь ԥхынгәы 28-29 рзы.