Аԥсны даҽа 195-ҩык акоронавирус рыдбалоуп, аӡәы лыԥсҭазаара далҵит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 20780-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16580-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 285-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 20780-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 16580-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 285-ҩык.
Пицундатәи ахәшәтәырҭа ҽынлатәи астационар аҟны аковид ҟәшаҿы аус зуа адефектолог-алогопед Мадина Шамԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аепидимиологиатә ҭагылазаашьа ауадаҩхара инамаданы ҩаԥхьа аковид-ҟәша шаарту.
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш. Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ иахыҵуеит 29 шықәса.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ашәарҭадаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит, уа ирылацәажәан аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи азинхьчаратә система ареформақәеи рызҵаарақәа.
Краснодартәи атәылаҿацә раионқәак рҿы амаҵа ақыҭанхамҩа аԥхасҭа ӷәӷәа анаҭеит. Изеиԥшроузеи Аԥсны аҭагылазаашьа, иҟоума ашәарҭара амаҵа ҳтәылаҿы алаҵәаразы абри атәы иҳәеит Аԥсны аҵиаақәа ркарантин азы аинспекциа аусзуҩ Анзор Вартагаа.
Аԥсны ачымазараҿкы аԥхынра алагамҭазы акыр аҽышьҭнахит, иахьатәи аамҭазы акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 20431-ҩык ыҟоуп, рыԥсҭазаара иалҵит 284-ҩык.
Аԥсны абанктә система ала 2021 шықәса актәи азыбжазы имҩаԥго аԥаратә еикәыршара амааҭтә еквивалент ала иартәеит 37,3 миллиард мааҭ.
Зышәагаа маҷу аӷбақәа ринспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аӡаҿы ашәарҭадара иазырхоу хықәкылатәи апрограмма аус шадулахои, иазԥхьагәанаҭои ртәы.
Аԥсны аҳәынҭқарратә миграциатә маҵзура 2021 шықәса абжьарарбагақәа ҟаиҵеит аусбарҭа аиҳабы Рамин Габлаиеи аԥыза-министр Александр Анқәаби реиқәшәараан.
Аԥсны асоциал-економикатә цхырааразы Аинвестициатә программа 2020-2022 азеиԥш ԥаразоужьра 4 миллиард мааҭк артәоит.
Ԥхынгәы 22 рзы ииубилеи азгәеиҭоит аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Гәырам Гәымба. Иҭҵаарадырреи иуаажәларратәи усуреи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы дазааҭгылеит.
Авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аремонт азы иреиӷьыз аамҭан ЕгрыГЕС анаанкылаз, аусурақәа лаҵара 1 азы ихыркәшазар акәын.