Саманџьиаԥҳа еиҭалҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалаӡыз лаб иҭоурых
Лыхны ақыҭантә Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду ахь ицаз, иахьагьы хабарда ибжьаӡыз рхыԥхьаӡараҟны иҟоу Тарас Саманџьиа иҭоурых арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит иԥҳа, 85 шықәса ирҭагылоу Дуча Саманџьиаԥҳа.