Қаџьаиа еиҭеиҳәеит Владислав Арӡынба иҿы машьынарныҟәцаҩыс аус шиуаз атәы
Аԥсны Раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба раԥхьатәи имашьынарныҟәцаҩс иҟаз, акыр шықәса аус ицызуаз Сосо Қаџьаиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи усура дышидикылаз, исасдкылашьа зеиԥшраз, игәалаиршәеит иблала иибахьаз ауаа ирзымдырқәо хҭысқәак.