Џьопуа: иуадаҩхеит аԥсшьаҩцәа здызкылои аарыхра знапы алакуи аимадара рыбжьаҵара
Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, акыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит аҭыԥантәи аалыҵ аарыхра знапы алакуи аԥсшьаҩцәа здызкылои рыбжьара иахәҭоу аимадара шыҟам атәы.