Аҩӡба афымцалашаразы: аҳәынҭқарра иаҳҭо аныҟамла, иҳанаҭогьы ҟалом
Гәдоуҭа араион ахадараҟны араион ақыҭақәа рнапхгаҩцәеи, ашәарҭадаратә маҵзуреи, азинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи алархәны аилацәажәара мҩаԥысит. Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит хадаратәла иззааҭгылаз азҵаарақәа ртәы.