Ахра Аҩӡба Аҟәа даанкылоуп ҳәа иҟоу адырра шьақәирӷәӷәеит уи изааигәоу ауаҩы
Ахра Аҩӡба даанкылоуп ҳәа адырра ҟалеит хәажәкыра 4 ахәылԥаз арратә корреспондент Семион Пегов и-Telegram-канал аҟны.
Ахра Аҩӡба даанкылоуп ҳәа адырра ҟалеит хәажәкыра 4 ахәылԥаз арратә корреспондент Семион Пегов и-Telegram-канал аҟны.
Гагра араион алхратә комиссиа алахәыла Гарри Гыцба арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа рахь аҽазыҟаҵарақәа шцо, уадаҩрас ирԥыло.
Аиҳарак атуристцәа Аԥсныҟа иаауеит амшын, аԥсабара аԥшӡара, аҩы, амандарина, амра рзы. Иарбану уаҳа аԥсы атәыла џьашьахәыс иамоу?
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12931-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12390-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 203-ҩык.
Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иазԥхьагәаҭоуп ирантәи аалыҵ ацәыргақәҵа амҩаԥгара ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны.
Адгьылхархәареи акадастри рзы Аҳәынҭнаплакы жәабран 22 рзы Бедиа ду адгьыл аҳәазара шцо аҭҵаара иалагеит.
Жьҭаара 20 2020 шықәса рзы Аҟәа иаатыз урыстәылатәи амобилтә госпиталь аус ауан хәажәкыра 1-нӡа. Ари аамҭа иалагӡаны 500-ҩык ачымазцәа рыдыркылеит. Аҵыхәтәантәи апациент Оҭар Делба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит уи дшырхәышәтәуаз, аурыс ҳақьымцәа русура шеиҿкааз.
Аҭоурыхҭҵааҩ, ААУ арҵаҩы Илона Агрԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит 100 шықәса раԥхьа Аԥсны асовет мчра ашьақәыргылара шыҟалаз, насгьы уи иаԥхьагылаз ахҭысқәа ртәы.
Хәажәкыра 3 асааҭ 05:30 рзы Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа ашҭаҿы дшьын Гәдоуҭа инхоз ауаҩԥсы.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови хәажәкыра 3 рзы Москва еиқәшәеит.
Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб ауаа еиднакылоит, Аԥсни Урыстәылеи реимабзиара, реиҩызара арӷәӷәара иашьҭоу атәылауаа реизакра иазырхоу ауснагӡатәқәа мҩаԥнагалоит.
Акарантин аамҭазы изхьымӡаз аҵаратә программа аҽахьыгӡареи, амшԥҵәақәа ҩба рыла аурокқәа рымҩаԥгареи, ас еиԥш иҟоу аграфик арҵаҩцәа ирнаҭо ауадаҩрақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит Аҟәатәи аҩбатәи абжьаратә школ арҵаҩы Светлана Аргәынԥҳа.
Апроект "Сара сеибашьра" – Аибашьра Ду аветеранцәа ирызку адокументалтә фильмқәа ирсериоуп.
Ацәыргақәҵа еиҿыркааит Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгылеи Амилаҭтә сахьаҭыхратә галереиеи Акультура аминистрра адгыларала.