Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны даҽа 12-ҩык акоронавирус рыдырбалеит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13312-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12801-ы, рыԥсҭазаара иалҵит 211-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 13312-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12801-ы, рыԥсҭазаара иалҵит 211-ҩык.
Гагра араионтә еизара ахантәаҩы Асҭан Агрба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араион аҿы иҟоу агәам-сам каԥсарҭа иацу апроблемақәа ртәы.
Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны астанциа маҷ "Гәдоуҭа-110" аҟны ажәытә маҭәахәқәеи, аиҩкаақәеи, афымцамчхара ӷәӷәа змоу ацәаҳәақәеи рыԥсахуеит.
Аԥсны атәылахьчара аминистр Владимир Ануа ихантәаҩрала аусбарҭаҿы имҩаԥгаз аизараҟны 2020 шықәсазы арранаԥхьара шымҩаԥысыз азы аихшьаалақәа ҟарҵеит.
Гәдоуҭа араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Лавренти Гәбаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатразы акандидатцәас шаҟаҩы ықәдыргылаз араион аҟны аԥшьгаратә гәыԥқәа, алхрақәа рҽазыҟаҵара шцо.
Аԥсны акультура аминистр Гудиса Агрба усутә визитла Москва дыҟоуп. Иахьа урыстәылатәи иколлега Ольга Лиубимовеи иареи еиԥылеит.
Аӡыржәтә ҟалом Турбазеи Кьылашәыри араионқәа рҿы аколлектор аремонт инадҳәаланы.
Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан аԥжәара ҟалеит хәажәкыра 25 асааҭ 7:00-8:00 рзы.
Ауаажәларратә еиҿкаара "Аидгылара" аҳәынҭқарра ахада иахь иҟанаҵаз ааԥхьара арадио Sputnik аефир аҿы ахҳәаа азыҟаиҵеит аполитикатә усзуҩы, 2002-2012 шықәсқәа рзы Жәлар реизара ахантәаҩыс иҟаз Нугзар Ашәба.
Атуристцәа еиҳа бзиа ибаны иалыркаауеит лаҵарамзатәи аԥсшьармшқәа раан иҭынчу аԥсшьара. Абри аганахь ала иреиӷьу ахырхарҭақәа ирыҵаркит 130 000-ҩык еиҳамкәа ауаа ахьынхо ақалақьқәа.
Премьер-министр Японии Есихидэ Суга выразил готовность продвигать диалог с РФ о мирном договоре основываясь на ранних договоренностях.
Читать дальше...