Акоронавирус злаз пациентк иԥсҭазаара далҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҿы
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 184-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 30-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 184-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 30-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Тҟәарчал араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Амиран Џьынџьал арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит амармалташьтә пты аҿагыларазы имҩаԥырго аусурақәа ртәы.
2021 шықәсазы Аԥсны миллионки бжаки атуристцәа раара иазыԥшуп, атәыла аотельқәа жәпакы рҿы заанаҵтәи аҿаҵарақәа мҩаԥысуеит.
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаб COVID-19 аҟынтәи иҽыхәышәтәра далганы москватәи аклиникатә хәышәтәырҭа дҭыҵит хәажәкыра 18 рзы.
Аремонттә усурақәа инарыдҳәаланы Аԥсны иахьаҵанакуа афымцалашара аамҭа-аамҭала арцәара азԥхьагәаҭоуп.
Амаҵзура "Аԥараҭра цынхәра" ала Аҵәахырҭатә банк аклиентцәа рԥарахсаалагаҿы аԥара нҵәазар, абанк аԥарақәа рыԥсахыр ҟалоит.
Аԥсны Иреиҳаӡоу атәылауаҩратә, административтә усқәа, административтә зинеилагарақәа, уҳәа ирзырхоу иреиҳаӡоу ӡбарҭатә усбарҭоуп.
Ауаҩы иаҭәам ахымҩаԥгашьа аҿаԥызҽуа, хкы рацәала иҟоу аграқәа аазырԥшуа, иҳәаақәызҵо ажәақәа арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсны амаининг азы азин аанкылан Аминистрцәа реилазаара аӡбарала 2020 шықәса ԥхынҷкәын 8 рзы.
Аԥсны Апарламент адепутатцәа рыбжьы арҭеит Административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла аԥсахрақәа ралагаларазы хәажәкыра 3 рзы актәи аԥхьарала.
Акоронавирус иаҿагылаз амедициантә усзуҩцәа ркатегориақәак асанатортә ԥсшьарахь рышьҭразы Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Делба аҳәамҭа ҟаиҵеит. Ареспублика атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа илҳәеит, амедицинатә усзуҩцәа COVID-19 ӷәӷәала ишырхыргоз.
Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аилатәара мҩаԥысует ахаша хәажәкыра 31 рзы.
"Ареспубликатә биуџьет азы" азакәан апроект адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала ирыдрымкылацкәа иҟан, абиуџьет азы аилак ахь аус аиҭадуларазы иргьежьын.
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа рыԥшыхәратә ҟәшақәа рҽазыҟаҵаратә программа еиҳа-еиҳа иаларгалоит еиуеиԥшым аусдҵақәа, аибашьратә ҭагылазаашьақәа рԥышәа иаҿырԥшны.
Атурнир "Уаҵәтәи алегендақәа рира" Адлер имҩаԥысит хәажәкыра 24-29 рзы, уи иалахәын Урыстәылатәи акомандақәа ааба, Аԥснытәиқәа ҩба.
Аҵарауаҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Аслан Габелаиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит 1921 шықәса хәажәкыра 31 рзы Аԥсны Асоветтә социалисттә республика ҳәа ашьақәыргылара ҵакыс иамоу, уи аҭоурых аҿы иннажьыз ашьҭа атәы.
Аҟәатәи ақалақьтә еизара афбатәи ааԥхьара адепутатцәа аҵыхәтәантәи реилатәара мҩаԥысит хәажәкыра 30 рзы. Мшаԥы 11 рзы Аԥсны имҩаԥгахоит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа.
Аԥсны АҶА аҿы иазгәарҭоит аԥсабаратә мцакрақәа мзызс ирымоу ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба идҵала Аԥсны аҳҭнықалақь азы иаахәаны иқәыргылахоит даҽа 12 гидрант.