Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Март
2021

Новости за 15.03.2021

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа Ахра Аҩӡба доунамышьҭит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиа аилатәара мҩаԥысит хәажәкыра 15 рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Ахра Аҩӡба мызкы ҳәа ирбаандаҩразы аӡбамҭа ахьаднакылаз азы идукат Инга Габилаиаԥҳа иҟалҵаз ахашшаара инамаданы.

Аҳәԥҳа галтәи ашколқәа рҿы аԥсшәа дырҵаразы: даара ирцәыцәгьахьеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гал араион аҵара аусбарҭа аԥсуа бызшәазы аметодист Ельмира Аҳәԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ашколқәа рҿы аҿкы чымазаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы, насгьы аҵаратә процесс аиҭашьақәыргыларазы аметодика иалагалаз аиҭакрақәа ртәы.

Ҳазлацәажәаша ҳамоуп: Габниаԥҳа Хәажәкыра иазкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ишԥазгәарҭо Хәажәкыра иахьа, иарбан ҿыцрақәоу ари атрадициа аамҭа иаланагалаз, ишԥазгәарҭоз жәытәла иара, абри атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит афольклорист, аетнолог, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Цира Габниаԥҳа.

Гамгьиа: аԥсуа ақыҭа дадҳәалазароуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ақалақьи ақыҭа ԥсҭазаареи еилазыгӡо Роланд Гамгьиа арадио Sputnik адырраҭара "Ақыҭа - нхарҭа ҭыԥуп" аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭаҟны анхара зеиҿикааз, иҩызцәа рыхьӡала аҵлақәа еиҭаҳаны ишимоу, аԥсуа ҳәыҳәқәа рыжәла иара изы аселекционер ишылигаз.



Ҳанацәа рныҳәаԥхьыӡ ҳаиқәнархеит: Роберти Варлами Ҳаразиаа реибашьратә мҩа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Хәажәкыра 15-16 рзы Аԥсны иргәаладыршәоит 1993 шықәсазы арҭ амшқәа рзы Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаԥгаз Марттәи ажәылареи уи иалаӡыз ҳахьчаҩцәеи. Ари ажәылара иалахәыз ҩеишьцәа рԥацәа Роберти Варлами Ҳаразиаа ргәалашәарақәа ҳадылгалоит Sputnik акорреспондент Наала Гәымԥҳа.

Кархалаа Марттәи ажәыларазы: агхақәа ҳгәы ҳдырхьуан, аха аиааира шаагоз ҳдыруан

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Агәымшәаразы амедал занашьоу Зураб Кархалаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит 28 шықәса раԥхьа март 15-16 рзы Аҟәа ахақәиҭтәраз имҩаԥгаз ажәылара атәы, аибашьцәа уи иадырҳәалоз агәыӷрақәа ртәы.

Sputnik амчыбжь: ахада "дыԥхьатәароуп", Қырҭтәылеи Аԥсни реизыҟазаашьа, абанк арҳәра

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ииасыз амчыбжь азы Аԥсны имҩаԥысит аветерантә еиҿкаара "Аруаа" аизара, 200-ҩык инарзынаԥшуа Аслан Бжьаниа идгылаҩцәа еизеит, Ахра Аҩӡба иаанкыларазы ажәабжь ҿыцқәа ҟалеит, акоронавирустә ԥкрақәа ирыцҵоуп.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
WTA

Мария стала соперницей Азаренко на турнире WTA в Мадриде






ДВМС объявляет конкурс на целевое обучение в МГИМО

Жители Подмосковья смогут зарегистрировать дачи в праздники

Груднички психоневрологического отделения МОЦОМД посетили плавательный бассейн

Пассажиры «Мострансавто» более 2 млн раз проехались до аэропортов с начала года