Аҭоурых иагәылаҵәаху: Смырԥҳа ахьа иалырхуаз аԥсуа чысхкқәа ирызкны
Хәажәкырамза 26-нӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҿы иаарту ахьа иазку ацәыргақәҵаҿы аҭааҩцәа ирбар рылшои, насгьы ажәа ахьурӡы ахьынтәиаауеи ртәы арадио Sputnik арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҿы еиҭалҳәеит амузеи аԥсабара аҟәша аусзуҩы Асҭанда Смырԥҳа.