Аԥсны акоронавирус зыхьуа даҽа 94-ҩык рыцлеит иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16574-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15315-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16574-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15315-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык.
Амшцәгьақәеи, аԥшасрақәеи рышьҭахь Тҟәарчал аԥхасҭа зауз ахыбқәа реиҭашьақәыргылара ахьынӡанагоу, уи иахҭнырҵаз, ахарџь иаҵанакыз аусурақәа ртәы арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа.
Азинеилагаҩ иганахь ала ашьаус хацыркуп азакәан ахәҭаҷ "Аԥареи (ма) аԥаратә маҭәахәқәеи рконтрабандаз" ала.
Аԥсны уаанӡатәи Ахада ихаҭыԥуаҩ, аполитикатә партиа "Аԥсны" ахантәаҩы Витали Габниа имашьына амца ацрарҵеит рашәара 22 ауыха Аҟәа агәаҿы. Ацәгьа зуз даанкылоуп, ашьауӷатә ус хацыркуп.
Аполитикатә партиа "Амцахара" ахантәаҩы Лесик Цыгәбеи, апартиа апрезидиум амаӡаныҟәгаҩ Заур Адлеибеи арадио Sputnik аефир аҟны иалацәажәеит Аԥсны иҟоу апартиақәа рхеидкыла аԥҵара аҵакы шырбо атәы.
Аԥсны АҶА зышәагаа кьаҿу аӷбақәа рҳәынҭқарратә инспекциа есышықәса, атурист сезон алагамҭаз идрыцқьоит аплиажқәеи аӡыҵақәеи.
Апандемиа аныҟамыз 2019 шықәса иаҿырԥшны Аԥсныҟа атурқәа рҭахра 30 - 70% иазҳаит.
Аҟәа ақалақь ААР ашьаусҭҵааратә ҟәша аусҭҵаара хацнаркит атәым мазара гәҭакрыла аԥхасҭа аҭаразы.
Аԥсуа еишәачараҿы аҭамадара амҩаԥгашьа аҷыдарақәа арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.
Атәанчаҩцәа аиҳарак аԥсшьаразы иаҿарҵо зыхә ҳаракым анхарҭақәа роуп, инырхуагьы ҩ-нызқьмааҭ еиҳам.
Иқәгоу аппаратқәа Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра еиҿнакааз иҷыдоу ашьҭаҵарҭахь инагоуп.
Ареспублика аекономика аминистрра анапы ианҵоуп анефҭаалыҵқәа раахәаратә хәыԥса аиҭакра ахылаԥшра, Аминистрцәа реилазаарахь Ақәҵара апрокт ҿыц аздырхиарц.
Рашәара 21 азы РУСДРАМ асценаҿы идырбан Фазиль Искандер ирҿиамҭа "Сандро Чагьамтәи" иалху аескизқәа ԥшьба.
Урыстәыла 32 қьалақьи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҳаиртә еимадара еиҭахацыркуп. Ҭырқәтәыла инхо ари ажәабжь шрыдыркылаз, апандемиа аамҭа шырхырго атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә центрқәа рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭа иацнаҵоит Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы абҵара 22 рзы, ақьафурҭа "Сан-Ремо" аҿаԥхьа иҟалаз ахысраантәи ахҭыс аусҭҵаара. Аҭыԥ аҟны иԥсҭазаара далҵит Асҭамыр Шамба, ахәышәтәырҭаҿы - Алхас Аҩӡба, Доминика Ақырҭааԥҳа - ԥхынҷкәын 3 рзы.