"Москва-Аҟәа" адәыӷбеи атрактори Гагра еиҿаст
Амашәыр иахҟьаны адәыӷба ааха аиуит, аныҟәара аанкылоуп аамҭалатәи алокомотив Адлер аҟынтәи иааргаанӡа.
Амашәыр иахҟьаны адәыӷба ааха аиуит, аныҟәара аанкылоуп аамҭалатәи алокомотив Адлер аҟынтәи иааргаанӡа.
160 шықәса раԥхьа Аԥснынтәи Ҭырқәтәылаҟа иахнагаз Кьылаа рҭаацәара, абык, аиашьак еиԥш аиҳабыра рзиуан 16 шықәса зхыҵуаз Осман. Уи атәым дгьыл аҟны илахьынҵахаз амаҭа Џьамалеҭҭин Кьылба иажәабжь аҟны.
Аҟәатәи ақалақьтә клиника ахәшәтәырҭа амедиеҳәшьа Иулиа Абӷаџьааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит COVID-19 зыхьуа ачымазцәа зыхәшәтәуаз аҳақьымцәа аԥсшьареи, ргәабзиара аиҭашьақәыргылареи аус шеиҿкааз атәы.
"Иҟалашт исымазкуа дҟаларгьы, аха усгьы, ашәы аныҟәгара сшазыҟоу иазкны нҵамҭак сҭахын еснагь", - абас лыҩуеит Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа аԥсра иадҳәалоу аҵасқәа ртәы дырзааҭгыло.
Аԥсуа поезиаҿы иреиӷьӡоу апеизажтә лирикатә жәеинраалақәа аԥызҵаз апоет Анатоли Аџьынџьал игәалашәара иазку анҵамҭа ҳадеигалоит арубрика "Алашара ҳзарбо ауаа" амҩаԥгаҩ Анатоли Лагәлаа.
Афымцатә цәаҳәақәа ирықәу аидара амчхара азымхара иахҟьаны Аԥсны аамҭа-аамҭала афымцалашара арцәара иалагоит рашәара 28 асааҭ 00:00 инаркны.
"Акурорт Пицунда" адгьылҵакыраҿы ирызҳауеит -23 шьапы афиникатә пальмақәеи ф-шьапык трахикарпуси.
Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҟны имҩаԥысит "Аԥсны алхратә система: апроблемақәеи аперспективақәеи" ҳәа хьӡыс измаз астол гежь. Излацәажәаз азҵаарақәа, алхратә система еиҭакрас иалагалатәны иибо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ауаажәларратә усзуҩ Давид Ԥлиа.
Ацәгьоуҩы Аԥсныҟа мефедрон алагалара игәҭакын. Аӡбарҭаҿы иара иҟаиҵаз ацәгьоура дақәшаҳаҭхеит.
Урыстәыла ашәҟәы иҭаргалахьеит жәанызқьҩык рҟынӡа акоронавирус змоу зцәа зтәым аҳәса. Урҭ рыбжьара иҟан ачымазара уадаҩны изхызгазгьы.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 16801-ы ыҟоуп, ргәы бзиахеит 15380-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 244-ҩык.