Ҵлаииа еиҭеиҳәеит Аибашьра Ду алахәцәа рышәҟәқәа шеизырго атәы
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду алахәылацәа ирызку 10 нызқь рҟынӡа ашәҟәқәа ацифрахь ииаргеит Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аԥша аҳәынҭқарратә музеи аҿы. Амузеи аусзуҩ, аҭоурыхҭҵааҩ Геннади Ҵлаииа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ашәҟәқәа реизгара шцо.