Жәлар рдоуҳа: Ҭаниаԥҳа иҵоурам ауаҩы ихымҩаԥгашьа аазырԥшуа ажәақәа ирызкны
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит жәытәаахыс аԥсуаа ражәаҳәа иалаз, иҵоурам ауаҩы ихымҩаԥгашьа аарԥшразы ирҳәоз ажәақәа.