Гәбаз араионтә еизарақәа рзы: аҳәса иаҳа ирацәаны иалахәзар бзиоуп
Гәдоуҭа араион алхратә комиссиа ахантәаҩы Лавренти Гәбаз арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҭыԥантәи ахаланапхгараҭарахь адепутатразы акандидатцәас шаҟаҩы ықәдыргылаз араион аҟны аԥшьгаратә гәыԥқәа, алхрақәа рҽазыҟаҵара шцо.