Ҷолокәаԥҳа еиҭалҳәеит шаҟаҩы иахьазы медалла Аԥсны ашколқәа ирылго атәы
Ахьтәы медалла ашкол аҟны зҵара хзыркәшо рхыԥхьаӡара иахьазы шаҟаҩы ыҟоу, Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рминистрраҟны имҩаԥгаз агәаҭаратә ԥышәарақәа рылҵшәақәа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аминистрра ахаҭарнак Асҭанда Ҷолокәуаԥҳа.