Хра злоу ахҭысқәа: Ԥлиа Аԥсны алхратә система аиҭакрақәа ралагалара атәы
Астратегиатә ҭҵаарақәа рцентр аҟны имҩаԥысит "Аԥсны алхратә система: апроблемақәеи аперспективақәеи" ҳәа хьӡыс измаз астол гежь. Излацәажәаз азҵаарақәа, алхратә система еиҭакрас иалагалатәны иибо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ауаажәларратә усзуҩ Давид Ԥлиа.