Аԥсны акоронавирус 98-ҩык ирыдырбалеит, аӡәы иԥсҭазаара далҵит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 6717ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 4976-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 92-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 6717ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 4976-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 92-ҩык.
Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Линда Амԥарҳа арадио Sputnik аефир аҿы акриптавалиута аиуразы аусурақәа раанкыларазы аминистрцәа реилазаара иҟанаҵаз ақәҵара ахҳәаа алҭеит.
Азакуаншьаҭада зиагара рҭахыз ааҭын аалыҵи автомашьынеи рымхуп, азинеилагаҩцәа рганахь ала аусҭҵаара хацыркуп.
Аԥсшьарҭатә ҭыԥ "Аӡгара" аиҿкааҩцәа руаӡәы Олег Кьышьмариа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Кәыдрытәи аҩхааҿы аус зуа аԥсшьарҭатә ҩнқәа раатра иацыз ауадаҩрақәа ртәы.
Жәларбжьаратәи ашьапылампылтә турнир "Аешьаратә жәлар р-Лига" мҩаԥысуеит Аԥсны, ԥхынҷкәын 8-12 рзы. Атурнир иалахәуп хә-командак.
Гал араион инхо Иракли Бебуа Гал Акультура ахан аҿаԥхьа икнаҳаз Аԥсны абираҟ аԥшшәқәа символра рзызуаз аш (полотно-аред.) Аиааира амш аҽны, цәыббра 30 рзы амца ацреиҵеит. Иганахьала ашьаус хацыркын.
Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраан ԥхынҷкәын 6 рзы ааха иоуит АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ. Иара Краснодарҟа дышьҭын.
Абҵара 23 рзы Аԥсны Апарламент ақәҵара аднакылеит. Уи инақәыршәаны Аминистрцәа реилазаара абжьгара азыҟаҵан атәыла аҵакыраҿы акриптовалиутатә маининг аанкылазарц.
Уаанӡа Аԥсны Апарламент ақәҵара аднакылахьан атәыла аҵакыраҿы акриптовалиутатә маининг аанкылазарц ЕгрыГЕС аремонт азыруанаҵы.
Sputnik Аԥсны асаит аԥсуа аверсиа аредактор-аҭыжьҩы Рада Ажьиԥҳа арадио иалҭаз аинтервиу аҿы еиҭалҳәеит асаит аусура шышьақәгылоу атәы.
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik аадыртижьҭеи иҵит фышықәса. Абри аамҭа иалагӡаны еиуеиԥшым аформатқәа рыла амультимедиатә информациа амҽхак еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауан.
Аԥсны аекономика аминистрраҿы имҩаԥысит "Амшынеиқәафымцамч" анапхгареи амчратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәеи алархәны аенергетика иазку аилацәажәара.
Аԥсуа драматә театр Нальчик имҩаԥысуаз жәларбжьаратәи афестиваль аҿы акомедиатә спектакль "Цилиндр" ықәнаргылеит.
Аҟәатәи ақалақьтә еизарҭа аилатәараҿы ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Адепартамент адиректор Ельза Ҳагԥҳа ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа раантәи рыпланқәа дрылацәажәеит.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Кристина Озганԥҳаи АУН "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуеи рыбрифинг мҩаԥысит ԥхынҷкәын 7 рзы.
Аԥсны Аӡбаҩцәа рыквалификациатә коллегиа ҿыц азинмчра хыркәшахоит 2022 шықәса абҵара 29 рзы.
Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аофициалтә хаҭарнакс Аԥсны иҟаз аполковник Александр Опарин ара иҟазаара аҿҳәара хыркәшоуп.
Баслахәтәи абжьаратә школ арҵаҩы Лорена Паӷәааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит аԥсуа бызшәеи алитературеи рмаҭәарқәа рыла онлаин аурокқәа шеиҿыркааз, уи лҵшәас иамоу атәы.
АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа хымшуп астанциа маҷ "АҞӘА-1" аҟны авариа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуижьҭеи.