Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Декабрь
2020

Новости за 16.12.2020

Аԥсны даҽа 95-ҩык акоронавирус рыдырбалеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 7504-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 5545-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит шәҩык.

Џьергьениа еиҭеиҳәеит Риҵа аԥсыӡкра азин аҟамзаара аҿҳәара ацҵара зыхҟьаз

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Риҵатәи амилаҭтә ҳәырԥсарра абна хылаԥшҩы аиҳабы Ҭенгиз Џьергениа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит жьҭаара 25 инаркны ԥхынҷкәын 10-нӡа аԥсыӡқәа ақәырҭ каԥсара ианалаго аамҭазы аԥсыӡкра азин аҟамзаара аҿҳәара ишацҵо атәы.

Ашәуа: аинвалид имоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы зегьы ҳахшыҩ еилаҵатәуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны ауаажәларратә палатаҿ Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд 2020 шықәсазтәи аныхрақәа рзы аҳасабырба ҟанаҵеит. Афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашәуа арадио Sputnik аефир аҿы аиԥылара алкаақәа ҟаиҵеит.



Аԥсни Урыстәылеи рҳәаахьчаратә маҵзурақәа аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аусура иалацәажәеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥснынтә Урыстәылаҟа ииаргахьеит 24 нызқьи 800 тонна ацитрусқәа. Ари арбага ҩынтәны 2019 шықәсазтәи арбага еиҳауп. 2019 шықәсазы Урыстәылаҟа ииаган жьҭаарамза инаркны жәабранмзанӡа 12 000 тонна ацитрус шәырқәа.

Занҭариа Мураҭ Иаган (Маан) изы: дуаҩ дуун, ҳқьабз, ҳҵас адунеи иаирдырт

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Адунеиаҿы Аамысҭа қьабз аларҵәаҩ, аҵарауаҩ, афилософ Мураҭ Иаган (Маан) диижьҭеи 105 шықәса ҵит. Апублицист, апоет Владимир Занҭариа арадио Sputnik аефир аҟны дигәалаиршәеит Мураҭ Маан.

Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд 2020 шықәсазтәи аныхрақәа рҳасабырба ҟанаҵеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа Рфонд алагалақәа еиҿкаауп абиуџьеттә еиҿкаарақәа, аиурст хаҿқәа, ахаланаплакыҩцәа рыԥгаԥсала, ареспубликатә биуџьет аԥараҵала, ииасыз ашықәсқәа рҟынтәи иаанхаз ауал ала.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
Елена Рыбакина

«Был риск завершить борьбу еще в первом матче». В России оценили победу Рыбакиной в Штутгарте






Теплоэнергетики обновят котельные и тепловые сети в Талдоме

В ЕС отреагировали на решение о передаче во временное управление компаний из Европы

В Можайском округе объявлен конкурс на выполнение работ по борьбе с борщевиком

Стало известно о роли нового задержанного по делу о теракте в «Крокусе»