Гәдоуҭа ахәҭак фымцалашарада иаанхоит ԥхынҷкәын 10 рзы
Аҟазауаа изларҳәо ала Аԥсны иахьаҵанакуа афымцаҳақәа акыр иажәхьеит, ирықәу аидара рзышьҭыхуам.
Аҟазауаа изларҳәо ала Аԥсны иахьаҵанакуа афымцаҳақәа акыр иажәхьеит, ирықәу аидара рзышьҭыхуам.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 6815-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 5004-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 92-ҩык.
Аҟәа имҩаԥысуеит 2021 шықәсазтәи абиуџьет апроект Аԥсны Апарламент аҿы алацәажәара.
Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа амедеиҳәшьа еиҳабы Емма Гогәуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит араион аҿы COVID-19 зыдбало рҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы.
Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аспециалист хада, Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Наур Нарманиа ашколқәа рҿы апандемиа аамҭазы онлаин ҵара алагаларазы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит.
Маҷара, асасааирҭатә комплекс иақәлеит ҳәа Гәылрыԥшь араион ААР ахь адырра ҟарҵеит абҵара 29 рзы.
Аӡы аанкылахоит Имам Шамил имҩаҟны имҩаԥгахо аремонт -еиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирыхҟьаны.
Аслан Бжьаниа Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадас дҟалеижьҭеи ари хәынтәуп Москваҟа усутә ныҟәарала дцоижьҭеи.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ицхырааҩ Милана Аԥшьлааԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы атәыла ахада ишьақәирӷәӷәаз Аԥсны Аҳәынҭқарра адәныҟатәи аполитика аконцепциа ахҳәаа азыҟалҵеит.
Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озганԥҳа аилацәажәара мҩаԥылгеит Аинвистициатә программа анагӡара азҵаарақәа ирызкны ԥхынҷкәын 8 рзы.
"Амшынеиқәафымцамч" абонентцәеи дареи реимадаразы ардырратә маҵзура аусура иаланаргоит хара имгакәа ҳәа иҳәеит АУН "Амшынеиқәафымцамч" аиҳабы Михаил Логәуа абрифинг аҿы.
Астанциа маҷ "Аҟәа - 1" аҿы амцакра ҟалеит ԥхынҷкәын 5 ашьыжь, асааҭ 5:20 рзы. Абри иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәи, мраҭашәаратәи ахәҭеи, Иашҭхәа ақыҭеи лашарада иаанхеит.
Аԥсны ԥхынҷкәын 3 инаркны 10-нӡа иаанартуеит ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры", Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауаа ареспубликахь ихынҳәырц.
Археолог, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ Мира Инал-иԥа Аԥсны аҭоурых иазку лышәҟәы ӡырган Аҟәа. Уи зызку, насгьы иарбан зҵаарақәоу ашәҟәаҿы ицәыргоу арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат Гурам Гәымба.
Аконституциатә реформаз Акомиссиа аԥҵан 2020 шықәса жьҭаара 10 рзы Аԥсны ахада иусдҵала.