Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Декабрь
2020

Новости за 12.12.2020

Булисқьериаԥҳа еиҭалҳәеит Очамчыра Ашықәс ҿыц аныҳәа рыҽшазыҟарҵо атәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Очамчыра араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Амра Булисқьериаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭалҳәеит сынтәа Ашықәс ҿыц аныҳәа рыҽшазыҟарҵо.

"Смаҭа хәыҷы лира иабзоуроуп": Гәында Чакветаӡе лнапкымҭақәа ирызкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуа ҭыԥҳацәа жәытәнатә аахыс аӡахра, аԥара иазҿлымҳан, уимоу, уи ззымдыруаз лзыҳәан иԥхашьаран ҳәа иԥхьаӡан. Иахьатәи ҳаамҭазы уи ала аҭыԥҳа дышԥырымшәогьы, аӡахра знапы алаку аҭыԥҳацәеи аҳәсеи маҷҩым. Убарҭ дреиуоуп Наала Гәымԥҳа зыӡбахә ҳалҳәо Гәында Чакветаӡе.

29 шықәса ҭакрала изхызгаз аруаҩ: Харлампеи Жьиба иҭоурых

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Асовет система џьбара 24 шықәса ахара зыднаҵаз, анаҩс даҽа хәышықәса иҭҟәаз, аруаҩи азиндырҩи рзанааҭқәа рыла аџьабаа збахьаз, Аџьынџьтәылатәи аибашьра ду аветеран Харлампеи Аслангьери-иԥа Жьиба иҭоурых Саида Жьиԥҳа ланҵамҭаҿы.

Гәылариа 2020-тәи ашықәс атәанчаратә фонд азы: даара иуадаҩхеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Атәанчаратә фонд абиуџьет 2021 шықәсазы иартәоит миллиардки 220 миллион мааҭи. Уи 117 миллион мааҭ рыла еиҳауп 2020-тәи ашықәс аасҭа. Афонд аиҳабы Денис Гәылариа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәа абиуџьет ахарҭәааразы иҟаз ауадаҩрақәа ртәы.



Мархолиаԥҳа "Ашана" Ашықәс ҿыцазтәи акциазы: агәыҳалалреи ассири шыҟоу арҵабыргуеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Акультура-гәыҳаларатә фонд "Ашана" амассатә информациатә хархәагақәа аус рыцуразы аменеџьер Асида Мархолиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Ашықәс ҿыцаз ихацырку акциа атәы.

2500 ак рҟынӡа амаининг хархәагақәа аанкылоуп жьҭаара 21 раахыс

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аминистрцәа реилазаара аамҭала Аԥсныҟа амаинингтә хархәагақәа ралагалара азин ааннакылоит 2021 шықәса рашәара 1 аҟынӡа. Аминистрцәа реилазаара иара абри ақәҵарала акриптовалиута аиуразы аусурақәа зегьы ааннакылоит.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
Елена Рыбакина

Камбэком обернулся матч вундеркинда из России перед стартом Еленой Рыбакиной в Мадриде






В Люберцах проверили качество питания в столовой гимназии

Театральный фестиваль «Русская классика» стартует в Лобне 6 мая

Путин призвал обеспечить равные возможности россиянам из разных регионов

В Екатеринбурге встретили Знамя Победы, которое едет через всю страну