Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла 109 коронавирустә хҭыс ҿыц аарԥшуп
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 6924-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 5096-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 93-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 6924-ҩык ыҟоуп. Урҭ рахьтә ргәы бзиахеит 5096-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 93-ҩык.
Гагра араион Гьачрыԥшьтәи абжьаратә аурыс школ адиректор арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит напхгара зиҭо ашкол аҟны онлаин аҵарахьы аиасра шцоз, уадаҩрас ирымоу.
Аԥсуа спортсмен диндаҭлоит Воронежтәи абоксиор Андреи Ченцов. Иара иқәгылараҿы фынтә диааихьеит, ҩынтә даҵахахьеит, ҩынтә еиҭахарыла иқәгылара хиркәшахьеит.
Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә аиуразы 2020 шықәса рзы 51 рҿиамҭа ықәыргылан. Ажурналист Витали Шариеи ауаажәларратә усзуҩ Асҭамыр Какалиеи Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аԥхьахә асиа кьаҿ аҿы рыхьӡ арбахеит.
Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ, аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҟны еиҭалҳәеит аԥсуаа рҿы ауаҩытәыҩса иира иадҳәалоу ақьабзи аҵаси ртәы.
ЕгрыГЕС ахархәарахь ирыҭан 1978 шықәса рзы. Астанциа агидроагрегат Аԥсны аҵакыраҿ игылоуп, аплотинеи аӡеизакырҭеи – Қырҭтәыла.
Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҿы иҟалаз абылра ашьҭахь аиҭашьақәыргыларатә усурақәа амҩаԥысра иаҿуп, уажәазы иҟоу адыррала, урҭ 2-3 мчыбжьы ирыдхалоит.
Жәлар Реизара аилатәараҿы ахашәалазы ашәахтә алхразы аԥсахрақәа аланагалеит. Апроект азырхоуп араионқәа ршәахтәлшара аизырҳара. Уи араионқәа лшарас ирнаҭо атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Гәылрыпшь араион ахада Аслан Бараҭелиа.
Ауаҩы дызшьыз, арҳәра ҟазҵаз ахаҵа ишьҭан 2010 шықәса жьҭаара 14 раахыс. Аусҭҵаара мҩаԥнагоит Очамчыра араион апрокуратура.
Аԥсны ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ, азиндырҩы Гиви Габниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны Аконституциатә реформазы акомиссиа раԥхьатәи аилатәараҟны излацәажәаз, иԥсахтәу, иԥсахтәым ахәҭақәа ҳәа иазгәарҭаз.
Атәылаҿ акоронавирустә инфекциа алаҵәара инадҳәаланы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аԥкрақәа рыҿҳәара ажьырныҳәа 12 рҟынӡа днахеит. Арахь иаҵанакит ашколқәеи ашколқәраҟынӡатәи аусҳәарҭақәеи.
Апроект араионқәа ршәахтәлшара аизырҳара иазырхоуп. Иара аҭыԥантәи анапхгаратә усбарҭақәа ирнаҭоит алшара анаплакқәа еиуеиԥшым апреференциақәа рзышьақәдыргылаларци урҭ рыдгыларазы аӡбарақәа рыдыркылаларци.
Астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны амцакра ахҟьаԥҟьақәа раԥыхраан ԥхынҷкәын 6 рзы ааха иоуит АУН "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩ. Иара Краснодарҟа дышьҭын.
Иааидкыланы арҭ амшқәа рзы Аҟәа алашара дырцәалоит 12 сааҭ. Абри аҩыза аграфик аус аулоит астанциа маҷ "Аҟәа-1" атрансформаторқәа зегьы ахархәара рыҭахаанӡа.