Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Декабрь
2020

Новости за 13.12.2020

Аҭоурых иагәылаҵәаху: Гәынба Гәдоуҭатәи амузеи аҟны еиҭашьақәыргылоу аекспонатқәа ртәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

С.П. Дбар ихьӡ зху Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Баҭал Гәынба арадио Sputnik арубрика "Аҭоурых иагәылаҵәаху" аҿы еиҭеиҳәеит Санкт–Петербургынтә мчыбжьык амузеи иаҭаз асахьаҭыхыҩцәа–ареставраторцәа еиҭашьақәдыргылаз аекспонатқәа ртәы.

"Ацәгьа еснагь агәара икылыԥшуеит": ауаҩы дшьақәызҟьо иҵоурам мифтә хаҿсахьақәак

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ауаҩы ацәгьара изырҟаҵо, дшьақәызҟьо иҵоурам амифтә хаҿсахьақәа ирызкны згәаҭарақәак ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ, Sputnik аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.

Аҟәа зегьы фымцалашарала еиқәыршәоуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Уаанӡа Аҟәатәи афымцеихшарҭақәа русбарҭа аиҳабы Ҭемыр Џьынџьал Sputnik иазеиҭеиҳәеит аҳҭнықалақь зегьы фымцалашарала еиқәыршәахоит ԥхынҷкәын 13 ахәылбыҽха ҳәа.

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Ҷыҭанаа Аҟәа араион абиуџьет анагӡашьа атәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәа араион аиҳабы Алхас Ҷыҭанаа арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит ахашәалазы ашәахтә зегьы араион абиуџьет ахь анашьҭра дара рзы иахьынӡацхыраагӡахо, ашықәс азы рбиуџьет анагӡашьа шыҟоу, насгьы ашықәсан араион аҟны ирылшаз.

Аҟәа зегьы фымцалашара еиқәыршәахоит ԥхынҷкәын 13 ахәылбыҽха

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны аҳҭнықалақь аиҳарак фымцалашарада иаанхеит ԥхынҷкәын 5 рзы астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҟны абылра аныҟала ашьҭахь. Афымцамчусзуҩцәа излазгәарҭо ала, иҟалаз амашәыр аибашьра ашьҭахьтәи аамҭақәа рзы иҟалахьоу авариақәа зегьы иреиҳауп.

Есма Ҭодуаԥҳа: "Иааизар аамҭа Аԥсуара ҩны ианааныжьтәу?!"

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуара аԥсуа иԥсҭазаараҿы аҵаки, иахьатәи аҭагылазаашьеи, насгьы уи аԥҟарақәа зегьы еидызкыло мҩақәҵагақәак аҭыжьра аҭаху иаҭахымуи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Лагәлаа ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахаҭабзиаразы асертификат иазкны: аамҭа рацәа агаӡом

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсны Астандартқәеи ахархәаратәи атехникатәи хылаԥшреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы асертификациа аҟәша аиҳабы Инал Лагәлаа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩатә аалыҵ ахаҭабзиаразы асертификат аиура шыҟало, аалыҵ аҳәаа ахыгаразы аԥҟарақәа ртәы.

"Абхьӡуп жәлас иҟоу": ажәлақәа рцәырҵра азҵаарақәак афольклортә нҵамҭақәа рыла

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аԥсуа жәлақәа рхылҵшьҭрақәа ирызкны афольклор аҟны иуԥылоит еиуеиԥшым амифологиатә жәабжьқәеи алегендақәеи, урҭ дырзааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.

Анефт ишашьҭаз аӡы рԥшааит: Баӷрыԥшьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь ахы шыҵнахыз

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гагра араион Баӷрыԥшьтәи атыҩшаӡритә ӡыхь (сероводородный источник) аӡбахә ззымдыруа дыҟамзар ҟалап. Арахь еиҳарак имҩахыҵуа зыца зыхьуа, мамзаргьы агәықәбылра иаргәамҵуа роуп. Иабаанагеи ари аӡыхь? Ауаа ирызцәырҵуа азҵаара аҭак ҟаиҵеит аартра зыбзоуроу Левон Ексузиан.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
WTA

Линетт сыграет против Соболенко во втором круге турнира WTA в Мадриде






Игорь Бабушкин встретился с секретарем Генсовета «Единой России» Андреем Турчаком

Музей-заповедник «Царицыно» заявил об открытии летнего сезона 1 мая

Пасха-2024: какие праздничные мероприятия пройдут в Москве

Москвичам напомнили о бесплатной парковке в майские праздники