"Ишәарҭам ақалақь", аҵара азҵаарақәеи: Бжьаниа Москва аиԥыларақәа мҩаԥигеит
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа амҩа дықәлеит ԥхынҷкәын 9 рзы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарала Москваҟа амҩа дықәлеит ԥхынҷкәын 9 рзы.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 537 ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 119-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Ҟәланырхуа ақыҭа ӡыла аиқәыршәаразы аҭагылазаашьа зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аефир аҟны арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҿы еиҭеиҳәеит Гәдоуҭатәи "Аӡыканал" аиҳабы Оҭар Леиба.
Абырзен ҩыра зну ақьырмыт-са афрагмент ҳера ҟалаанӡа V ашәышықәса ишаҵанакуазы адырга ануп. Иара ԥшаан Очамчыра иахьаҵанакуа абырзен полис Гиенос ахьыҟаз 2020 шықәсазтәи аекспедициа аусураан.
Никарагуа Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵеит 2008 шықәса цәыббра 2 рзы, шықәсык ааҵуаны атәылақәа рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан.
Ашьхақәа жәларбжьаратәи рымш аҽны Аацы ақыҭанхаҩы Иван Оҭырба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашьхақәа ирыцу агәыбылреи, насгьы шьхацан аамҭазы арахә рыҽшеиҭаркуеи ртәы.
Аԥсны ԥхынҷкәын 3 инаркны 10-нӡа иаартын ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Егры", Қырҭтәыла иҟоу Аԥсны атәылауаа ареспубликахь ихынҳәырц.
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы абиуџьетнҭыҵтәи афонд сынтәа ахшара дзауз ирзоурыжьыз аԥарақәеи уи азы ашәарақәа шымҩаԥысуа еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны Арепатриациа афонд аиҳабы Енвер Чамагәуа.
Аԥсны Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ацхыраара ҟанаҵоит Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан иҭахаз аибашьцәа рыуа-рҭынха рыԥшаараҿы, жәларбжьаратәи арра-патриоттә проект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аҟәеи Очамчыреи иргылахо Сергеи Багаԥшь ибаҟақәа рыпроектқәа рыдкылараз аицлабра рылаҳәан 2019 шықәса ԥхынгәы 1 азы, аха аҿҳәара инахан2020 шықәса ԥхынҷкәын 10 рҟынӡа алахәылацәа рзыҳәақәа рыҟамзааразы.
Британиатәи агеографиатә еилазаара имҩаԥнаго Жәларбжьаратәи аиндаҭлара Earth Photo 2020 шықәсазы аиааиҩцәа рыӡбахә аҳәеит.
Асахьаҭыхыҩ, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла, аскульптор, аграфик, Аҟәа агерб автор Ҭемыр Ҟаитан иԥсҭазаара далҵит 59 шықәса дшырҭагылаз.
Ацәыргақәҵатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы дылгәалалыршәеит зыԥсҭазаара иалҵыз асахьаҭыхҩы Ҭемыр Ҟаитан.
Иаанкылаз Урыстәыла атәылауаа анаркотикатә маҭәашьар еихша-еихшаны Аԥсны аҵакыраҿы аҭира иазырхианы ирыман.
ЕгрыГЕС Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ԥхынҷкәын 25-27 рзы иреиҵаӡоу аҩаӡараҟынӡа илаҟәуеит ҳәа иазԥхьагәарҭоит.