Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Жьиба Шлыпра аԥсшьараамҭа иазкны
Мысра амшын аԥшаҳәаҿы еиҿкаау аҭыԥ Шлыпра напхгара азызуа Шәарах Жьиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәатәи русура шеиҿкаау атәы.
Мысра амшын аԥшаҳәаҿы еиҿкаау аҭыԥ Шлыпра напхгара азызуа Шәарах Жьиба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит сынтәатәи русура шеиҿкаау атәы.
Аслан Бжьаниа зхадараҿы дыҟоу аԥснытәи аделегациа 2008 шықәсазтәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәыла имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рылахәхаразы инеит.
Аҭыԥантәи асувениртә аалыҵ иахьазы аларҵәара абанӡамоу, иалшома уи Китаинтә иаагоу аҿагылара, абри азы арадио Sputnik аҿы ргәаанагара рҳәеит Аԥсны Жәлар рырҿиара ацентр аиҳабы Нури Кәарҷиеи акультуреи аҭҵаарадыреи рызҵаарақәа рзы атәыла ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуеи.
Уажәтәи аамҭазы ирԥшааз атуристцәа ашьхараҿы рыԥсы ршьоит, Аԥсны иналс-аалсны аныҟәара ргәы иҭоуп.
Нанҳәамза алагамҭазы аҟәатәи амшынхәҭаҿы аӡҳәаарбагақәа ықәыргылан, аха аӡаҿы ашәарҭадара ирықәымныҟәакәа урҭ ирхысуа маҷҩым.
Аԥсны зҽаԥсазтәыз арҵаҩы Валентина Ҳалбад арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҿкы чымазара зыхьуа рзы аинформациа шмаҷу.
Нанҳәа 6 рзы иалагеит Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа 2008 шықәсатәи ахҭысқәа 13 шықәса рхыҵра иазку Аахыҵ Уаԥстәылаҟа иофициалтә ныҟәара.
Афымцахархәагақәа ахьажәуи асистема зҵоу аидареи роуп Аԥсны аенергетикатә усхк проблема хадас иамоу.
Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 22770-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 18205-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 323-ҩык.
Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ашәарҭадаратә хеилак атәыла-лахәылақәа быжьба аицҳәамҭа ҟарҵеит. Уи аҟны адҵа ҟарҵеит Урыстәыла Аԥсны ар алнагарци ареспублика ахьыԥшымраз азхаҵара архынҳәырци.
Аԥсны ахәҭак сааҭыбжак аҟара фымцалашарада иаанхеит ахәаша, нанҳәа 6 рзы ашьыжь.
Ауаажәларратә палата алахәыла, анаплакҩы Абессалом Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны абылтәы ахә ацлара ҳекономика ишаныԥшуа атәы.
Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан аԥсшьарҭатә база аргылара мҩаԥызго аилахәыра аҳәара ҟарҵеит 25 шықәса арендала 2,1 гектар адгьыл рырҭарц.
Урыстәыла аспорт аминистр Олег Матыцин Аԥсныҟа усутә ныҟәарала дааит нанҳәа 5 азы.
Премьер-министр Сент-Винсента и Гренадин Ральф Гонсалвес был ранен неизвестными во время протестных акций в Кингстауне, столице государства.
Читать дальше...