Гәдоуҭатәи аковидтә госпиталь аҟны ҩыџьа рыԥсҭазаара иалҵит, 104-ҩык ҿыц ирыдбалоуп
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 23303-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 18906-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 336-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 23303-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 18906-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 336-ҩык.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 150-ҩык ачымазаҩцәа, урҭ рахьтә рҭагылазаашьа уадаҩуп 30-ҩык.
Тҟәарчал ақалақь анхамҩатә усбарҭа анџьныр хада Кеҭо Харчлааԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит нанҳәа ааба рзы араион аҿы илеиз ақәаршҩы ахҟьаԥҟьақәа ртәы.
Шьепкин ихьӡ зху атеатртә ҵараиурҭа Урыстәыла атеатртә ҵараиурҭақәа инарылыҳәҳәо – асценатә реализм иашколуп.
Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр агастрольқәа мҩаԥнагараны иҟоуп Урыстәыла ақалақьқәа рҿы 2021 шықәса жьҭаарамзеи абҵарамзеи рзы.
Аԥсны анҭыҵ инхо ҳџьынџьуаа атәылаҟны ашәҟы рҭагалареи рҭаҩреи азҵаарақәа ирызкны аилацәажәараҟны иззааиз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба.
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра Ареспубликатә наркологиатә диспансер азы иаанахәеит ҳаамҭазтәи агазтә хроматограф 10 миллион мааҭ ҳәа.
Данил Убириа – "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара занашьоу, 2007 шықәса раахыс Аԥсны Ауаажәларратә палата далахәылан.
650 сигаретҭоԥ закәаншьаҭада автомашьына иҭаҵәахны Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аиагара рҽазыршәеит.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза Конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак ахантәаҩы, амеценат Мусса Егзакьи еиԥылеит.
Цәыббрамзатәи аԥсшьарамшқәа раан уцар ахьыҟало аҭыԥқәа алнакааит амаҵзура TVIL.RU.
Агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа иазырхоу апроект сынтәа лҵшәас иаиуз атәы.
COVID-19 аҟынтәи Аԥсны алаҵаҟаҵара иалагеит 2021 шықәса лаҵарамзазы "Спутник V" ала, нанҳәа 10 инаркны иацҵоуп "Спутник Лайт" ала.
Афонд "Ашана" шықәсыки бжаки зхыҵуа Габриель Пацуриа ихәшәтәразы аԥареизгара мҩаԥнагоит нанҳәа 18 рҟынӡа. Анаҩс ахәыҷы иҭаацәа рхала иацырҵоит аԥара аизгара.
Нанҳәа 9 асааҭ 23:00 азы Гагра агәаны ахысра аҭыԥ аман, аӡәы ахәрақәа иоуит.
Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа арадио Sputnik арубрика "Жәлар рдоуҳа" аҿы еиҭалҳәеит аԥсуа ԥҳәыс лхаҵатәы аҵаки уи аныҟәгашьеи ртәы.
Ааҩык атуристцәа ргәыԥ Аԥсныҟа иааит Удмуртиатәи Ареспублика ақалақь Водкинска аҟынтәи ашьхатә маршрут ианысырц.
Аԥсны Амилаҭтә кьыбачымазаратә центр аҳақьымцәа харас ирыдырҵоит акьыбачымазара змаз рпациентцәа рыхәшәқәа хыԥхьаӡара рацәала ирыҵарӷьычуан ҳәа.