Аԥсны иалагалоу афымцалашара арцәара аграфик аамҭа ԥсахуп нанҳәа 18 рзы
Аԥхынра афымцалашара ахархәара иахьеизҳаз иахҟьаны Аԥсны уахынла ҩ-сааҭк афымцалашара арцәара иалагеит рашәара 28 инаркны.
Аԥхынра афымцалашара ахархәара иахьеизҳаз иахҟьаны Аԥсны уахынла ҩ-сааҭк афымцалашара арцәара иалагеит рашәара 28 инаркны.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 23813-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 19385-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 350-ҩык.
Гәылрыԥшь араион ахада ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Џьапуа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит амшцәгьа араион анхацәа ирнаҭаз ауадаҩрақәа ртәы.
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Ставропольтәи атәылаҿацә Буденновск ақалақь аҟынтә Аԥсныҟа амҩа иқәлеит нанҳәа 16 рзы.
Хьымса ахыҵырҭа иуадаҩу, ишәарҭоу ҳәа иԥхьаӡоу мҩоуп, Аԥсны АҶА аусзуҩцәа ари атуристтә маршрут мап шацәыркуагьы, аԥсшьаҩцәа рыбжьара азҿлымҳара амоуп.
Акритик, аиҭагаҩ, амилаҭ хақәиҭратә кәԥара агәҭа иалагылаз, ауаажәларратә усзуҩ Руфбеи Ебжьноу иԥсы ҭазҭгьы иахьа 75 шықәса ихыҵуан. Уи иааигәаны дыздыруаз апоет, апублицист, ауаажәларратә усзуҩ Владимир Занҭариа дигәалаиршәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Иаанкылоу ауаҩы Урыстәылатәи Афедерациа аҵакыраҟынтә Аԥсныҟа закәаншьаҭада анаркотикқәа алеигалон ҳәа агәызҩара ыҟоуп.
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа официалла ихацыркхоит нанҳәа 22 азы Терскол – Ҟабарда-Балкариа.
Очамчыра араион Аҽгәара ақыҭан иахьа иаадыртит анхаҩы иааирыхыз ихаҭа иахьиҭиша аџьырмыкьа маҷ. Уи шалыршахаз, анхацәа шақәҿырҭыз атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Руслан Ԥорцхологлы.
Аҽгәаратәи аџьармыкьа иааиԥмырҟьаӡакәа аусура азыԥхьагәаҭахоит иара мызктәи аусура аихшьаалақәа рыла.
2021 шықәса иалагазар Евразиатәи аекономикатә еидгыла (ЕАЭС) аҳазалхратә ҳәаала Краснодартәи аҳазалхраҿ аҭаҭын аалыҵ изакәанымкәа ахыгаразы административтә зинеилагарақәа рзы 207 административтә шьаус хацыркуп.
Урыстәылатәи аспелеологцәа нанҳәа 3 азы Аԥсны иҟоу Веревкин иҳаԥаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит 1100 метра аҵаулараҿ, аамҭақәак рышьҭахь еилкаахеит 2020 шықәса абҵара 1 азы хабарда ибжьаӡыз , Шәача инхо Сергеи Казеев шиакәыз.
40 тәыла рҟынтәи 5 000-ҩык рҟынӡа аруаа еицлабуеит Жәларбжьаратәи ахәмаррақәа АрМИ-2021 рҿы.
Нанҳәа 16 ауха иҟалаз амшцәгьа иахҟьаны рыҭра иҭыҵит аӡиасқәа Басла, Гарекәара, Сухумка. Аҟәа ахәҭак лашарадеи ӡыдеи иаанхеит.
Жәларбжьаратәи арратә хәмаррақәа – 2021 мҩаԥгахоит нанҳәа 22 инаркны цәыббра 4 аҟынӡа 11 ҳәынҭқарра рҵакыраҿы. Ахәмаррақәа ирылахәуп 40 тәыла рҟынтәи 5 000-ҩык аррамаҵзурауаа.
Аҿкчымазара џьаргьы ицом, уимоу, алеишәа амырцәгьозар еиӷьхом. Ацхыраара лас аҳақьым хада Аслан Џьопуа амедицинатә усзуҩцәа русура атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik аефир аҟны.
Амшцәгьа аан Гәылрыԥшь араион ақыҭақәа Уарчеи Драндеи рҟны ақыҭауаа рыҩнқәа аӡы рыҵалеит.