Аԥсны акоронавирус зланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25 нызқьҩык иреиҳахеит
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25088-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 21165-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 378-ҩык.
Аепидемиа ҟалеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 25088-ҩык рҟынӡа инаӡахьеит, ргәы бзиахеит 21165-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 378-ҩык.
Галтәи аҩбатәи абжьаратә школ адиректор Ахра Кәакәасқьыр арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашкол аҵарашықәс ҿыц иахьынӡазхиоу атәы.
Ҩажәи аабатәи ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысуеит Аԥсны араионқәа зегь рҟынтәи аа-командак ралахәхарала.
Дышԥазыҟаҵатәу ахәыҷы ашкол ахь ицара, дазыҟаҵоуп ҳәа анбаԥхьаӡатәу, ари аус аҟны зегь зыӡбо ақәра акәу, ахәыҷы ипсихикатә зыҟаҵара акәу, абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак арадио Sputnik аефир аҿы иҟалҵеит апсихолог Алиса Хәарааԥҳа.
Аиԥылара иалахәыз аӷәыӷра аадырԥшит ҳаԥхьаҟа Аԥсни Чечентәылеи рыбжьара аиҩызареи аизыҟазаашьа бзиақәеи рыбжьалап ҳәа.
Самсон Ҷанба ихьӡ ӡху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә дараматә театр асценаҿы, илашаз акыр ароль шьахәқәа назыгӡахьаз, Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Роза Дбарԥҳа лыԥсҭазаара далҵит нанҳәа 29 рзы.
Зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр актриса, Аԥсни Адыгеиеи зҽаԥсазтәыз артистка Роза Дбарԥҳа дылгәалалыршәеит арадио Sputnik аефир аҿы Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Тома Аҩӡԥҳа.
"Ажәларқәа реиҩызара" аԥхьахә агаразы аҽырыҩра мҩаԥысит нанҳәа 29 рзы Ростов.
Аҟәеи Отаԥи анхара еилазыгӡо, ауаа мҩанызго амашьынаныҟәцаҩ Руслан Қәҭелиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ақыҭақәа рҟны аџьынџь ааныжьра ахәҭам ҳәа зиԥхьаӡо, иахьа инапы злаку, ақыҭаҟны ахныҟәгаразы лшарақәас иибо ртәы.
Аррамаҵурауаа Урыстәыла, Китаи, Пакистан, Ҟазахстан, Аԥсны, Узбекистан, Индиа инарыгӡеит афбатәи адҵа ҷыда аицлабра "Ельбрустәи амацәаз" аҟны.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит нанҳәамза 23 инаркны 29 нӡа ҳреспубликаҿы имҩаԥысыз ахҭысқәа рыхҳәаа.