Ҩымш рыла акоронавирус злаз хәҩык рыԥсҭазаара иалҵит Аԥсны
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 24310-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 20045-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 365-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 24310-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 20045-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 365-ҩык.
Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьапуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ақыҭанхамҩа адгылара азҭо афатәи-ажәтәи ақыҭанхамҩеи ООН апрограмма аспециалисти араион ахадареи реиԥылараҿы излацәажәоз атәы.
Еревантәи ареабилитациатә центр аҟаза иҟны аҽыхәышәтәразы еизгатәуп 235 956 мааҭ аԥара.
Аӡаанкылара адҳәалоуп Аҟәа х-мҩак рҿы аӡышьҭырҭатә коллекторқәа рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара.
Ҩ-ганктәи аҽазыҟаҵарақәа ирылахәуп арра-транспорттә, ажәыларатә, аоператив-тактикатә авиациа, Амшын еиқәеи Каспиитәи амшыни рыфлотқәа.
Аԥсуеи аурыс ҵарауаи Очамчыра ажрақәа анымҩаԥыргоз ирбеит атса иалху аҭоубыҭ. Ас еиԥш аԥшаах аҵакы атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аҳабы Аркади Џьапуа.
Очамчыра, антикатәи ақалақь Гиуенос ахьыҟаз аҭыԥ аҿы урыстәылатәии аԥснытәии археологцәа хышықәса ирықәуп аҭҵаара-аԥшаарақәа мҩаԥыргоижьҭеи.
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра Аладатәи арратә округ хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Аԥсныҟа иааит нанҳәа 18 рзы, ачымазара COVID-19 зыхьуа рыдкыларазы.
Аԥсны атәылауаа рҭаҩразы Аԥҟара ахарҭәаарақәа алагалоуп 2021 шықәса нанҳәа 12 рзы атәыла ахада инапы зҵеиҩыз Аусԥҟа инақәыршәаны. Ари ахҭыс иаԥхьанеиуаз аусура далацәажәеит Аԥсны хатәгәаԥхарала еибашьуаз аветеранцәа аус рыцуразы атәыла ахада иабжьгаҩ Рисмаг Аџьынџьал.
Ахатәы хаҿқәеи аиурист хаҿқәеи ирымоуп алшара Аԥсны амилаҭтә Банк аԥараҿырԥқәа ареспублика абанкқәа рҿы аахәара.
Ашьапылампыл азы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысуан нанҳәа 20-21 азы Донецктәи Жәлар рреспублика ақалақь Макеевка.
Гәылрыԥшь араион Гәылрыԥшь аҳабла инхо, Ақыҭанхамҩатә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фиодр Ҭарба арадио Sputnik аефир аҟны дырзааҭгылеит анхаҩы иахьазы имоу аԥынгылақәеи, ихы дшахәашеи, ақыҭаҟны ахандеира иаанаго, ақыҭанхамҩатә программа аҵакы атәы.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит ареспубликаҿ нанҳәа 16-22 рыҩнуҵҟа имҩаԥысыз ахҭысқәа.
Анапылампыл атурнир иалахәын акомандақәа ԥшьба: аҳҭны қалақь акомандақәа ҩбеи, Ҷлоутәии Аҷандаратәии.