Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Август
2021

Новости за 16.08.2021

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу амобилтә госпиталь Аԥсны иҟалоит нанҳәа 17 рзы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра иатәу хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь Ставропольтәи атәылаҿацә Буденновск ақалақь аҟынтә Аԥсныҟа амҩа иқәлеит нанҳәа 16 рзы.

Кәыҵниаԥҳа аспорт секциақәа русураҟны аԥкрақәа рзы: ҳрықәныҟоит иалҵшәахо еилкааны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти русқәа рзы аусбарҭа аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Есма Кәыҵниаԥҳа арадио Sputniik аефир аҟны еиҭалҳәеит русура апандемиазы иалагалоу аԥсахрақәа ртәы.

"Раионк аԥсҭазаараҟынтә": Бигәаа Гал араса аус ахьадыруло ацех маҷқәа ирызкны

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Гал араион аҟны араса аус ахьадыруло ацех маҷқәа русура шеиҿкаау, рхыԥхьаӡара ахьынӡанаӡо уҳәа ртәы арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит араион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Беслан Бигәаа.



Веревкин иҳаԥы аҟынтәи атурист иԥсыбаҩ аҭыгара иаҿуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Урыстәылатәи аспелеологцәа нанҳәа 3 азы Аԥсны иҟоу Веревкин иҳаԥаҿы ахаҵа иԥсыбаҩ рбеит 1100 метра аҵаулараҿ, аамҭақәак рышьҭахь еилкаахеит 2020 шықәса абҵара 1 азы хабарда ибжьаӡыз , Шәача инхо Сергеи Казеев шиакәыз.

Ԥлиаԥҳа Ачба ихьӡ зху ацентр азы: аҿар рыгәҭыха аҳәашьа ахьырҵо

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Зураб Ачба ихьӡ зху икоммерциатәым акультура-гәыҳалалратә центр "Адунеи қәымчрада" сынтәа 20 шықәса ахыҵит. Иара анеиҿыркаауаз иҟаз аҭахреи, иахьа инанагӡо аусуреи, имҩаԥгаз апроектқәеи арадио Sputnik аефир аҟны еиҭлҳәеит ацентр аиҳабы Далила Ԥлиапҳа.

АҶА: ақәаршҩы аӡхыҵрахь икылнагеит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Басла нанҳәа 15-16 руыхатәи ақәаршҩы иахҟьаны аҭра иҭыҵит. Турбаза араион аӡы аҵалеит: ахатәы ҩынқәеи адәқьанқәеи аӡы рыҩналеит.

Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп: Ҵәыџьба ақыҭа иадҳәалоу агәыбылра атәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ԥақәашь ииз, Гал арион ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабыс иҟаз Ҭамаз Ҵәыџьба арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иашьеи иареи ақалақьқәа рҟны ишынхогьы, рқыҭа гәакьа шкармыжьуа, ауаҩы ақыҭа агәыбылра изыркуа атәы.

Урыстәылантәи Аԥсныҟа амҩа иқәлеит COVID-19 змоу ачымазцәа рыхәшәтәразы амобилтә госпиталь

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Аԥсныҟа иаанашьҭуа хырхарҭарацәалатәи амобилтә госпиталь аилазаараҟны иҟоуп шәҩык рҟынӡа амедусзуҩцәеи 30 ак арратә техникеи.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
WTA

Как Рыбакиной стать второй ракеткой мира: расклад от WTA






На Московском путепроводе в Туле произошло лобовое ДТП: трое госпитализированы

Песков назвал возможное изъятие активов России гвоздем в гроб западной системы

В Стокгольме женщина сожгла Коран под охраной полиции

Участок, соединяющий Южную рокаду и МСД, готов практически на 70%