Аԥсны даҽа 105-ҩык акоронавирус рыдырбалеит, ԥшьҩык рыԥсҭазаара иалҵит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 23199-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 18427-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 334-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 23199-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 18427-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 334-ҩык.
Гәылрыԥшьтәи ашколқәа аҵарашықәс ҿыц рышҽазыҟарҵо атәы, насгьы апандемиа аамҭазы аҵаратә процесс шеиҿкаахо еиҭеиҳәеит араион аҵараҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа.
Урыстәыла Аҳәынҭқарратә Думахь адепутатцәа ралхразы абжьыҭара мҩаԥысуеит 2021 шықәса цәыббра 17 - 19 рзы Урыстәыла ААК ақәҵара инақәыршәаны.
Ачымазараҿкы COVID-19 аҟынтәи аҽыхьчагатә лаҵа "Спутник Лайт" ззырхоу, уи знымаало атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Аԥышәаратә патологиеи атерапиеи рыҭҵаарадырратә институт аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы Алиса Матуаԥҳа.
Иҟалаз ахҭыс азы Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рахь адырра ҟаҵан нанҳәа 10 асааҭ 13:32 азы.
1992-1993 шықәсазтәи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа руаажәларратә еиҿкаара "Аруаа" апресс-конференциа мҩаԥыргеит АРСМИРА.
Аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, археолог, аҭоурыхҭҵааҩ, кавказҭҵааҩ, Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа академик, "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара занашьоу Олег Бӷажәба нанҳәа 1 азы 80 шықәса ихыҵит.
Гәылрыԥшь араион абнахылаԥшҩы хада Алхас Кациа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит шаҟа процент абна аԥҟара азин рымоу анхамҩақәа, абнақәа реиҭашьақәгылара шымҩаԥысуа, ирымоу ахылаԥшра атәы.
Амаҵзура TVIL.RU иалнакааит цәыббрамзазы атуристцәа еиҳа еиӷьаршьо аҭыԥқәа.
Ахаҵа Аԥсны ааныжьны Урыстәылаҟа даниасуаз Урыстәыла АШәМ Краснодартәи атәылаҿацә Аҳәаахьчаратә усбарҭа аусзуҩцәа дааныркылеит.
Нанҳәа 5 рзы имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәараҿы афинансқәа рминистр Владимир Делба иколлегацәа ирзеиҭеиҳәеит Ахылаԥшра-ревизиатә усбарҭа 2020 шықәсазтәи агәаҭарақәа рылҵшәа атәы. Иара иажәақәа рыла, иаарԥшын аилагарақәа 430 миллион мааҭ рыхә.
Ԥхынгәымзазы активистцәа ргәыԥ хархәара змамыз аихамҩатә станциа "Гәыма" аҿы арт-ҭыԥ аадыртит акультура-усутә уснагӡатәқәа рымҩаԥгаразы.
Аԥсуаа рахьтә раԥхьатәи абиологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор Гиви Аиба диижьҭеи 85 шықәса ҵит нанҳәа 10 рзы. Арадио Sputnik аефир аҟны аҵарауаҩ дигәалаиршәеит, уи аҭҵаарадырраҟны илагала атәы далацәажәеит Аботаникатә институт аиҳабы Едуард Гәбаз.
Аԥсны аиҳабыра рыӡбарала 2021 шықәса нанҳәа 5 инаркны абылтәы АИ-92, адизельтә былтәы рыхәԥса 51 мааҭ литрак аԥсахоит иааидкылан аахәараан, хаз-хазы аахәараан 53 мааҭ литрак азы.