Бганԥҳа илгәалалыршәеит Арӡынба Аԥсны Иреиҳаӡоу аилак ахантәаҩыс дшалхыз
Ԥхынҷкәын 24, 1990 шықәсазы Аԥснытәи ССР Иреиҳаӡоу аилак ахантәаҩыс далхын Владислав Арӡынба. Ари ахҭыс аҵакы, аԥсуаа ишрыдыркылаз арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит уи иалахәыз, Иреиҳаӡоу аилак адепутатс усҟан иҟаз, иара убас афинансқәа рминистрс иҟаз Лили Бганԥҳа.