Смыр аҵаратә процесс ахацыркразы: аҭагылазаашьа ҳҽаршьцыланы имҩаԥаҳгароуп
Ауаажәларратә палата алахәыла Сергеи Смыр арадио Sputnik аефир аҟны далацәажәеит аԥкрақәа ирыхҟьаны иаанкылоу аҵара апроцесс ԥхьаҟатәи алахьынҵа. Ари азҵаара иазкны Ауаажәларратә палатаҟны еиҿкаан аиԥылара.