Амҷыԥҳа: ачымазараҿкы ҳацәызыхьчо алаҵа ада ԥсыхәа аныҟамла, ҳахшыҩ азыҳашьҭроуп
Германиа иҟоу Аԥсны ахаҭарнак Хьыбла Амҷыԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны лгәаанагара лҳәеит амедицинатә усзуҩцәеи ауаажәлар рхаҭарнакцәеи атәыла анапхгара рахь иҟарҵаз ааԥхьаразы алаҵақәа ареспубликахь раагаразы.