Бжьаниа: Аԥсны зхы ақәызҵаз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа шәгәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит
2012 шықәса раахыс Аԥсны иазгәарҭуеит хатәгәаԥхарала еибашьуаз рымш. 1992-1993 шш рзы Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын 2300 - ҩык инарзынаԥшуа хатәгәаԥхарала еибашьуаз.