Ҳагба Афганистан аталибцәа рнапахьы аагаразы: ихадоу, анаҩс рхы шымҩаԥырго ауп
Нанҳәамза 15 рзы Урыстәыла атеррористтә еиҿкаара ҳәа изышьҭоу аталибцәа Афганистан рнапахьы иааргеит. Афганистан аҭагылазаашьа ԥхьаҟа иҟаларц шалшои азы арадио Sputnik аефир аҿы игәаанагара иҳәеит аполитолог Беслан Ҳагба.