Аб Никита: ақьырсиан ихазы мацара адәы дықәымзароуп, ацәашьеиԥш длашозароуп
Нанҳәа 28 Аԥсны иазгәарҭоит Нанҳәа - Анцәа иан лылацәеиқәыԥсара амш. Аҟәа араион Гәыма ақыҭан иҟоу Анцәа Иҽеиҭакра ауахәама амаҵ азызуа аб Никита арадио Sputnik аефир аҟны аныҳәа амҩаԥгашьеи ақьырсиан ихымҩаԥгашьеи ртәы дазааҭгылеит.