Аԥсны даҽа 56-ҩык акоронавирус рыдырбалеит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11620-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 10198-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 178-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11620-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 10198-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 178-ҩык.
Гәылрыԥшь араион ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Дмитри Габлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит араионтә школқәа дистанциала аҵара рхы ишадырхәаз, насгьы ашколтә программа ахьӡаразы иарбан ажәалагалоу иҟарҵаз.
Иҟаз ахҭыс аганахь ала административтә зинеилагара ҳәа аус хацыркуп. Ашәҟәы иҭагаламыз атауар рымхын, аекспертизахь инашьҭын.
Аслан Бжьаниа Апарламент ахь инеишьҭыз акриптовалиута аиуразы изакәаным аусурақәа мҩаԥызго рҭакԥхықәра арӷәӷәаразы азакәанқәа рыпроектқәа ахҳәаа риҭеит азиндырыҩ Гиви Габниа арадио Sputnik аефир аҿы.
Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Анзор Ҭарба иԥсҭазаара иалҵра зхароу ҳәа ишьаз зегь рганахь ала ахарахыхра ҟанаҵеит абҵарамзазы. Апрокуратура хадеи ааха зауз игани ари аӡбамҭа иахашшааит Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа Ахашшааратә коллегиаҿы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ажьырныҳәа 22 рзы адҵа ҟаиҵеит амчыбжь нҵәаанӡа афымцамчхара ахархәара еиҵартәырц, уи азы араионқәа зегьы рҿы аштабқәа еиҿкаазарц амаининг фермақәа ахьыҟоу аарԥшрази раҿыхрази.
Аԥсны атерапевт хада Анжела Арҷелиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит COVID-19 ауаа ирзыннажьуа еиҭа ачымазарақәа ртәы, насгьы урҭ ргәабзиара аиҭашьақәыргылара шхымԥадатәиу.
Урыстәыла Ауаажәларратә палатаҿы имҩаԥысит астол гьыжь "Урыстәыла – Аԥсны. Атуризми асасдкылареи", уи далахәын Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.
Есышықәса адунеи аҿы аԥстәқәа змоу атуристцәа ахьрыдыркыло аԥсшьарҭаҭыԥқәа рхыԥхьаӡара иацлоит.
Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын Аладатәи арратә округ иатәу 500-ҩык рҟынӡа аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 150 ак арратәи иҷыдоуи атехника.
Тҟәарчал ақалақьи араион ақыҭақәеи еимаздо амҩа аремонт азуны еиҭашьақәыргылан Аԥсны асаоциал-економикатә ҿиараз Аинвестпрограмма аԥарақәа рыла. Иақәхарџьын 60 миллион мааҭ. Аусурақәа мҩаԥысуан 2017 - 2020 шықәсқәа рзы.
ААУ афилологиатә факультет адекан Баҭал Хагәышь арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит иреиҳаӡоу аҵара усбарҭаҿы аӡынтәи асессиа шымҩаԥысуа.
ЕгрыГЕС адеривациатә тоннель аҿы аремонттә усурақәа ирылагеит ажьырныҳәа 24 рзы. Афымцастанциа мшаԥымза нҵәаанӡа аус ауам.
Ашәахьаҽны имҩаԥысит Урыстәыла ахада Владимир Путин идгыларазы иаԥҵаз аштаб аилатәара. Аилатәараҿы иӡбын Аԥсны адгыларатә еиҿкаара аԥҵара, ауаажәларратә дкыларҭа аартра.