Акоронавирус зыдбалаз ҩыџьа апациентцәа рыԥсҭазаара иалҵит Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭаҟны
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 431-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 37-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID-19 рылоу ирыламу аилкааразы 431-ҩык атестқәа рзыҟаҵан, урҭ рахьтә 37-ҩык акоронавирус рцәа ишалаз аадырԥшит.
Атәылахьчара аминистрреи агенералтә штаби рафицарцәа разыҟаҵара иазкыз ахысрақәа мҩаԥысит. Арадио Sputnik аефир аҿы аҽызыҟаҵарақәа ахҳәаа рыиҭеит дара напхгара рызҭоз аполковник Беслан Мышәба.
Иахәҭаны иҟоуп авиациа аусхк аҟны иреиҳаӡоу аҵара ма абжьаратә занааҭ-техникатә ҵара амазаара.
Анашьаратә церемониа мҩаԥысит Аԥсны ахада Иусбарҭаҿы. Аслан Бжьаниа Етлухов идиныҳәалеит иреиҳаӡоу аҳәынҭқарратә ҳамҭа аиура, изеиӷьеишьеит агәабзиара, анасыԥ, ақәҿиарақәа.
Аԥсны аҵара аминистрра ашколқәраҟынӡатәи аусбарҭақәа рыспециалист хада Аида Минаиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит жәабранмза 15 инаркны зусура еиҭахацыркхо ахәыҷбаҳчақәа рҿы ахәыҷқәа рхылаԥшра аус шеиҿкаахо атәы.
Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа еиҳа ирԥсыҽны хәажәкыра 10 рҟынӡа рыҿҳәара иацырҵоит Аԥсны ахада иусдҵала.
Ахәаша ашьыжь атҟәацра ҟалеит Гагкаев ихьӡ зху амҩаду иангылоу адәқьан аҿы, Владикавказ. Ахҭыс мзызны иамазар ҟалоит ҳәа ишьоуп агаз аԥжәара.
Гәдоуҭа араион акоммуналтә усбарҭа аиҳабы Феликс Сымсым арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит хылаԥшрада ақалақь иалоу арахә азҵаара ӡбашьас иарҭаз, насгьы уи аус шеиҿкаахо атәы.
Жьҭаара 20 2020 шықәса раахыс ААО амедицинатә маҵзура аҟазауаа агоспиталь аҿы астационартә хәышәтәра иахрыжьит 500 пациент.
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба аусутә ныҟәарақәа мҩаԥигеит ақалақьқәа Москвеи Санкт-Петербурги рахь атуризм аусхк аҟны Аԥсни Урыстәылеи русеицура аҿиареи арӷәӷәареи рызҵаарақәа рыӡбразы.
Жәабран 1 азы Аԥсны иаԥҵоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб.
Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аиҳабы Светлана Габлиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аҵарашықәс аиҭахацыркра иахьынӡазыхиоу, насгьы аҿкы аламырҵәаразы иҟоу абжьгарақәа рықәныҟәара ахьынӡарылшо атәы.
Ареспубликаҿы аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа рахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟан 2020 шықәса абҵара 1 азы, аха ииаган акоронавирус-ҭагылазаашьа иахырҟьаны.
Аԥсны Апарламент Урыстәыла Аҳәынҭдумахь адырра ҟанаҵеит ареспублика шазыхиоу Аԥсны иалсны Урыстәылеи Ермантәылеи рыбжьара аихамҩатә еимадара ашьҭра.