Акоронавирус рыдырбалеит даҽа 39-ҩык Аԥсны атәылауаа, аӡәы иԥсҭазаара далҵит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11800-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 10625-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 181-ы.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11800-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 10625-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 181-ы.
Очамчыра араион аекономикеи ақыҭанхамҩеи азԥхьагәаҭаратә усбарҭа аиҳабы Ҭенгьыз Какәыбаа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит иахьазы анхацәа цхыраарас ирырҭар ирылшо, урҭ ргәы иҵхо азҵаарақәа ртәы.
Ацәашьы амифологиаҿы алашара иасимволуп, амра зыԥсахуа, уи аԥсҭазааратә мчра аазырԥшуа акәны иҟоуп, алашьцара уалызго лашароуп.
Аԥсны Аҳәынҭстатистика аусбарҭа ишьақәнаргылеит аусура зылшо атәылауаҩ ажьырныҳәа 1, 2021 шықәсазтәи аҭагылазаашьала ихныҟәгаратә минимум иартәеит 7398,6 мааҭ.
Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Анатоли Бибилов жәабран 6 рзы ихыҵит 51 шықәса. Атәыла хадас дыҟоуп мшаԥымза 2017 шықәса раахыс.
Аҵаратә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын 500-ҩык рҟынӡа аруааи 200 ак арратә техникеи, 152-мм згәыцә ҭбаау, зхала иныҟәо артиллериатә шьақәгыла "Акация" назлоу.
Аӡҩыбжьа Шәқәырча аӡиа ааигәа анхара змоу, ашәарыцаҩ Ерасҭ Қәираиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит абнатә кәатақәа рахь ирымоу азҿлымҳареи, апатуқәҵареи, ус изрызныҟәои ртәы.
Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешбеи Шәача ақалақь ахада Алексеи Копаигородски еиԥылеит жәабран 5 рзы.
Аиқәшәараҟны излацәажәоз зҵаарақәоуп- ЕгрыГЕС аремонт аамҭазы Аԥсны аенергетика аҭагылазаашьеи, авольтҳарак цәаҳәа "Аҽгәара" аиҭашьақәыргылареи, атәыла газла аиқәыршәареи.