Аԥсны акоронавирустә хҭыс ҿыцқәа жәба азгәаҭоуп иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12680-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 11980-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 195-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12680-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 11980-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 195-ҩык.
Аҳҭнықалақь ахәҭак ӡыда иаанхоит Вавилов имҩаҿы аӡымҩангага ахьԥжәаз иахҟьаны.
Ахәаша жәабран 19 ахәылԥаз Гәдоуҭа ақалақь аҿы игылоу асасааирҭатә ҩнқәа руак амца ацралеит, уи арцәараан аиқәырхаҩцәа ирыԥшааит 2018 шықәсази 2020 шықәсази ииз амца иалаблыз ҩыџьа ахәыҷқәа.
Аԥсны аҳаиртә мчқәа авиациатә маҭәахәла реиқәыршәаразы агәыԥ анапхгаҩы Асҭамыр Кәарҷиа арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит аҳаирпланқәа рымаҵ ауразы Аҟәатәи абаӷәаза анџьнырцәа ргәыԥқәа рзанааҭтә ҩаӡара зеиԥшроу, русура иаҵанакуа, аҳаиртә баӷәаза аартхар амаҵ ахьынӡарзазуа.
2019, 2020, 2021 ажьырныҳәамза ирыҵаркуа аамҭазтәи астатистика ишаҳәо ала, Аԥсны АҶА 1221-нтә аԥсабаратә былрақәа рырцәаразы ицахьеит.
Аклиникатә ԥышәарақәа жьҭаара алагамҭазы ирылагеит, макьана ихәарҭамкәа ахы аанамырԥшыцт. Аҩбатәи афаза анхыркәшахалак ашьҭахь, х-нызқьҩык ауаа хатәгәаԥхарала атестқәа ирхысуеит.
Нестор Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи ажәабатәи ашьхарыуаа рышкол аиҳабы лхаҭыԥуаҩ Римма Логәуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны иазгәалҭеит аиҵбыратә классқәа рымҩаԥгаразы ашкол ахь инеиуа арҵаҩцәа ахәыҷқәа даара бзиа избо роуп ҳәа.
Аԥсуа жәлар ртрадициатә маҭәақәа ирыхәҭаку ахаҵа – ахылԥарч – аҵаки уи ахархәашьеи ртәы дазааҭгылоит Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аусзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа.