Аҟәа ақалақь зегь аҿы аӡы ҟалаӡом аԥшьаша жәабран 11 рзы
Аҟәа ахәҭақәа зегьы рҿы аӡрыжәтә аанкылахоит аӡымҩангага ҿыц аԥыршьраны иахьыҟоу азы.
Аҟәа ахәҭақәа зегьы рҿы аӡрыжәтә аанкылахоит аӡымҩангага ҿыц аԥыршьраны иахьыҟоу азы.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 11933-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 10943-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 187-ҩык.
Тҟәарчал инхо, афатәҭиирҭатә дәқьанқәа руак аԥшәма Марина Гогәуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит ақалақь аҟны акрыҭира аганахьала аусқәа шцо атәы.
Афонд "Ашана" ихацнаркит хәышықәса зхыҵуа Дамеи Қәычбериа Москва, Европатәи амедицинатә Центр аҿы 486 нызқьмааҭ зҭахны иҟоу игәабзиара аиҭашьақәыргылараз аԥареизгара.
Жәабран 10, 2021 шықәсазы Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент аиҳабы Валери Кәарҷиа 75 шықәса ихыҵит.
Имаӡоу аԥхыӡқәа рдунеи иадҳәалоу аԥсуа жәлар разгәаҭақәа арадио Sputnik аефир аҟны дрылацәажәеит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Жәабран 1 азы Аԥсны иаԥҵоуп Урыстәыла ахада Владимир Путин идгыларазы ауаажәларратә штаб.
Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба усутә визитла Санкт-Петербургҟа днеиит Москва иҟазаара ашьҭахь.
Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа жәабранмза 10 рзы иазгәеиҭоит ииубилеи. 75 шықәса зхыҵыз аҵарауаҩ, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит ишықәсқәа дшырзыҟоу.
Жәабран 10, 1941 шықәсазы Аԥснытәи АССР аҿы еиҿкаан Асахьаҭыхыҩцәа рреспубликатә еидгыла. Аԥсны Аҳәынҭқарра Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла - ари аҟазаратә уаажәларратә еиҿкаароуп, уи аҩнуҵҟа хатәгәаԥхарала рҽеидыркылоит Аԥсны апрофессионалтә сахьаҭыхыҩцәеи аҟазараҭҵааҩцәеи.
Ажьырныҳәа 11, 2021 шықәсазы Владимир Путин дырԥылеит Азербаиџьан ахада Ильхам Алиеви Ермантәыла аԥыза-министр Никол Пашиниани. Аиԥылараҿ иӡбан атәылақәа рыбжьара аихамҩатә еимадара ахацыркра.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дызлахәу Апрокуратура хада инарҭбаау аколлегиа аилатәара мҩаԥысуеит жәабран 10 рзы.
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистрраҿы имҩаԥысит Аԥсны аинвестпроектқәа шынарыгӡо атәы азы иалацәажәара.
Ажьырныҳәа 24 раахыс Аԥсны акоронавирустә инфекциа здырбало ауаа рхыԥхьаӡара еиҵахеит.
Аурыс туристка лыӡра ахҭыс аҭҵаара хылаԥшра анаҭоит Аԥсны Апрокуратура хада аусҭҵааратә усбарҭа.
Аԥсны акультура аминистр Гәдиса Агрба арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит ачымазара ҿкы аламырҵәаразы аԥкрақәа анаԥыхха аамҭазы, акультуратә усҳәарҭақәа русура ахацыркра иахьынӡазхиоу атәы.
Уаанӡа иазгәаҭан Аԥсны иаарту Урыстәыла атәылахьчара аминистрра агоспиталь Аҟәа аусура жәабран 15 рзы ихыркәшахоит ҳәа.
Иарбан урыстәылатә еилахәырақәоу ареспубликаҿы аинвестициақәа алазгало? Урҭ аобиектқәа аперсонал рыззырхиода? Аԥсны урыстәылатәи атурмаҵзура RussPass изалактәуи? Sputnik аинтервиу аҭо, абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи рҭак ҟаиҵеит атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба.