Маланиаԥҳа атуристцәа Аԥсныҟа радԥхьаларазы: аӡыргарақәа рацәазароуп
Атуристтә фирма "Аԥсуа-тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы иахьатәи аамҭазы аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа радԥхьаларазы хшыҩзышьҭра зҭатәу азы лгәаанагара лҳәеит.
Атуристтә фирма "Аԥсуа-тур" аиҳабы Елизавета Маланиаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы иахьатәи аамҭазы аԥсшьаҩцәа Аԥсныҟа радԥхьаларазы хшыҩзышьҭра зҭатәу азы лгәаанагара лҳәеит.
Аԥсуаа ала ишазыҟоуи уи иадҳәалоу згәаҭарақәаки ртәы ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ, аколумнист Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аҳҭнықалақь аҿы аамҭала афымцалашара арцәара мзызс иамоуп астанциа маҷ "Аҟәа-1" аҿы Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аусурақәа ахьымҩаԥысуа азы.
66 шықәса зхыҵуа Ешыра ақыҭа афельдшер Нанули Џьапуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ақыҭан ачымазара ҿкы зыхьны иҟоу рҭагылазаашьа зеиԥшроу, насгьы урҭ цхыраарас ироуа атәы.
21 шықәса раахыс ачымазцәа зхәышәтәуа, ахәшә алҩаара адагьы ииашаны ирацәажәо, ргәы шьҭызхуа атерапевт Ирма Барцыцԥҳа иахьа акоронавирус зцәа иалоугьы лыдҵаалоит. Аҿкы Аԥсны иалалеижьҭеи хаҭала лара шәҩыла апациентцәа мҩаԥылгахьеит.
Апроект "Алашара ҳзырбо ауаа" иацҵо, ашәҟәыҩҩы Анатоли Лагәлаа длыҿцәажәеит апоет Заира Ҭҳаиҵыкә.
Аԥсуа иашҭаҿы иахьа уажәгьы иубар иулшо, аҳәынҭқарратә амузеи аҿы иӡыргоу аԥацха амакет аҭоурых атәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аетнологиа аҟәша аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы Инга Шамԥҳа.