Аԥсны аоперштаб: даҽа 20-ҩык COVID-19 рыдырбалеит
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12700-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12017-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 195-ҩык.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12700-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 12017-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 195-ҩык.
Агәы-Бедиа ақыҭа анхаҩы, адгьылҳәазара иахҟьаны зыҩны ааха зауз Марина Самсониаԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит аамҭала ҭаацәаныла хыҵакырҭас ирымоу, насгьы аҩны ҿыц аиура азҵаара ирызцәырнагаз ауадаҩра атәы.
Акоронавирус аламырҵәаразы аԥкрақәа еиҳа ирԥсыҽны хәажәкыра 10 рҟынӡа рыҿҳәара иацырҵоит.
Ажьырныҳәа 15 рзы Тҟәарчал араион аҿы иҳәазаз амҩа еиднакылоит Тҟәарчал ақалақьи ақыҭақәа Бедиа ду, Агәы-Бедиа, Бедиа. Аҭаацәарақәа ҩба хыҵакырҭада иаанхеит.
Аԥсны аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу зықәра намӡац ахәыҷқәа рзы ауаажәларра ршәарҭадаратә ҟәша аинспектор еиҳабы Ирма Џьынџьуа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит ахәыҷқәа рыӡра еиҳарак мзызс иамоу атәы.
Аԥсны иҟоу аладатәи арратә округ арратә база аҵакыраҿы аекскурсиа рзыҟаҵан Аҟәеи Гәдоуҭеи рҟынтәи ашколхәыҷқәеи, арратә база аррамаҵзурауаа рхәыҷқәеи.
Аԥсны АҶА адыррала абылра ҟалеит иаҿаркыз арԥхага иахҟьаны. Амца дырцәон амцарцәаратә ҟәшақәа хԥеи аиқәырхаратә ҟәшеи.
Аԥсны аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра адыррала Аԥсны ашколқәа зегь рҿы аҵара хацдыркит аиҳабыратә классқәа.
Гал араион ахадара ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Беслан Бигәаа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит апты аҟынтә ахәшәтәрақәа рымҩаԥгаразы аминистрра аҟынтә ироуз апрепаратқәа рхы иадырхәарц ргәы ишҭоу.
Ахаҵа ахара идырҵоит анаркотикқәа закәаншьаҭада раахәаразы, рыҭирази, рыҵәахразы.
Аепидемиа иалагеижьҭеи Аԥсны акоронавирус зцәа иаланы иаадырԥшыз ауаа рхыԥхьаӡара 12680-ҩык ыҟоуп, ргәы бзиахеит 11980-ҩык, рыԥсҭазаара иалҵит 195-ҩык.
Аԥсны Атуризм аминистрреи А.С. Грибоедов ихьӡ зху Жәларбжьаратәи азини аекономикеи ринститути Аусеицуразы амеморандум рнапы аҵарҩит.
Аԥсны атуризм аминистр иааԥхьарала ҳтәылаҿы иааны иҟоуп Урыстәыла атуризм азы афедералтә агентраҿы иҟоу Ауаажәларратә хеилак аделегациа.
Аҳәынҭқарратә усбарҭа Аԥсныргылара" аиҳабы Руслан Тәанба арадио Sputnik аефир аҿы иҳәеит Бедиеи Тҟәарчали рыбжьара амҩа ҿыц аҟаҵаразы апроект аиқәыршәара ишалагаз.
Хырхарҭарацәалатәи арратә госпиталь Аԥсны аусура иалагеит жьҭаара 20 рзы. Амобилтә медицинатә еилазаара иалоуп 112-ҩык аррамаҵурауааи иҷыдоу арратә техника 30 цыреи.
Аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны иазнархиеит жәабран 15-21 рзтәи ахҭысқәа реиқәыԥхьаӡа.
Премьер-министр Словакии Игорь Матович договорился с РФ о приобретении российской вакцины от коронавируса «Спутник V». Осталось получить подтверждение на ее покупку.
Читать дальше...