Мы в Telegram
Добавить новость
ru24.net
World News in Abkhazian
Февраль
2021

Новости за 17.02.2021

Жәлар рдоуҳа: Ҭодуаԥҳа асы анауаз злардыруаз жәлар разгәаҭарақәа

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Ажәлар рамзартә гәаҭагақәа рыла амш, мамзаргьы аамҭа зеиԥшрахо атәы иазкуп Нарҭдырреи адәынтәи афольклорҭҵаареи рцентр аҭҵаарадырратә усзуҩ Есма Ҭодуаԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны ланҵамҭа.

Дочиа еиҭеиҳәеит Тҟәарчал адгьыл ахьҳәазаз иахьазы иазыӡбоу атәы

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Тҟәарчал араион ахада Исидор Дочиа арадио Sputnik арубрика "Раионк аԥсҭазаараҟынтә" аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҭеиҳәеит адгьыл ахьҳәазаз аҭагылазаашьа иахьа изеиԥшроу, амҩа аиҭашьақәыргылара азҵаара уажәазы иазыӡбоу.

"Хәызмам абеиара": Искандер ихьӡ зху аԥхьахә аноминациа ҿыц алагалахоит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Фазиль Искандер ихьӡ зху Жәларбжьаратәи алитературатә ԥхьахә ахь арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуеит жәабран 15 инаркны хәажәкыра 28 рҟынӡа. Ахәбатәи асезон аҟны аноминациақәа фба ҟалоит.



Гәдоуҭа иӡыз аӡӷаб дрыԥшааит

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Диана Самава, 2006 шықәса рзы ииз, Гәдоуҭа, Владислав Арӡынба ихьӡ зху амҩаҿы игылоу лыҩнаҟынтәи ддәылҵит жәабран 16 асааҭ 10:00 рзы, аҽны хәлаанӡагьы аӡәгьы лыҽималымдеит.

Амҩақәа ҭабгеит, аҩнқәа еилаҳаит: Бедиа ду адгьылҳәазара ишаҿыц иаҿуп

Sputnik-Abkhazia.info (ab) 

Тҟәарчал араион Бедиа ду ақыҭаҿы адгьылҳәазара иалагеит ажьырныҳәа 15 рзы. Мышқәак рышьҭахь Тҟәарчалҟа уназго амҩа ҭабгеит. Иахьазы ақыҭақәа Бедиа ду, Агу-Бедиа, Бедиа рахь анеира ԥкуп.


Спорт в России и мире

Новости спорта


Новости тенниса
WTA

Самсонова победила Осаку и вышла в третий круг турнира WTA 1000 в Мадриде






звезды шоу-бизнеса посетили весеннюю неделю моды estet fashion week

Обвиняемый в даче взятки замминистру обороны Иванову Фомин обжаловал свой арест

На трассе М-4 "Дон" под Адыгейском перекроют одну полосу

Православные христиане отмечают Вербное воскресенье