Цәеиԥҳа Владислав Арӡынба ибаҟа апроеткқәа рзы: авторцәа рыхьӡақәа маӡоуп
Владислав Арӡынба ибаҟазы аконкурс аекспозициа аартын Ацәыргақәҵатә зал хадаҟны. Аԥсны акультура аминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Ирма Цәеиԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит иреиӷьу апроект алхразы онлаин бжьыҭара шымҩаԥысло атәы.