Гәынба ауаажәларратә хеилак аԥҵаразы: ажәлар иргәаԥхарцаз акәӡам, алҵшәа аиур ҳҭахуп
Ауаажәларратә хеилак аԥҵара иалацәажәеит аҳәынҭқарра ахада иҳаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба имҩаԥигаз аизараҿы. Аиқәшәара иалахәын аполитикатә партиақәа, ауаажәларратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа. Бадра Гәынба еиҭеиҳәеит ахеилак аԥҵара хықәкыс иамоу атәы.