Амилаҭи абызшәеи реиқәырхаразы: агазеҭ "Аԥсны" 102 шықәса ахыҵит
1919 шықәса жәабран 27 рзы иҭыҵит аԥсуа милаҭтә газеҭ "Аԥсны" раԥхьатәи аномер. 2001 шықәсазы Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иқәҵарала ари амш Аԥсны ажурналистцәа рзанааҭтә ныҳәамшны ишьақәырӷәӷәоуп.